АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә окрун амотохысцәеи артеллиристцәеи аԥырҩы дызҭам "аӷа" иԥрыгақәа карыжьит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Арратә напхгараҭаратә пунктқәа аԥырҩы дызҭам "аӷа" иԥрыгақәа ржәылара ацәыхьчаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Амшынеиқәа аԥшаҳәеи ашьхареи рҟны.
Аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи ррасчотқәа БЛА "Орлан-10" (аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа) "аӷа" ицәҟьарақәа рроль нарыгӡон, адгьылтә радиоелектронтә ҿагылареи аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәеи рҿагылара еиҿкаауа.
Аҽазыҟаҵара шазыԥхьагәаҭаз ала адгьылтә радиоелектронтә ҿагылара аҟәшақәа имҩаԥыргеит илаҟәны иԥыруаз ацәҟьа маҷқәа рыԥшаареи рымҩаԥгареи, ПЗРК "Стрела-10" арасчотқәа урҭ ҭадырхон.
Комплексла адгьылтә радиоелектронтә ҿагылара акомплексқәеи аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәеи шәарҭарыда робиектқәа аҳауаҟынтәи ажәылара иацәырыхьчон, амотохысцәа ракәзаргьы арратә напхгараҭара апунктқәа рыхьчара дырӷәӷәон.
Аԥсны акамшьиа акра иалагоит ԥхынҷкәынмзазы, ихдыркәшоит жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы. 2020-2021 шықәсқәа рзы Аԥсны азин ыҟоуп 42 тонна рҟынӡа акамшьиа акра.
"Иахьазы аԥсыӡкраҟны ахьысҳарақәа ыҟоуп. Ҵыԥх 7 нызқь тонна инеиҳаны иаҳкит, сынтәа акәзар 1300 тонна роуп иаҳкхьоу, уи даара имаҷуп. Ҳара заанаҵы азауад аҟны аусурақәа мҩаԥаагеит, иаҭахыз амаҭәахәқәа рыла ҳҽеиқәҳаршәеит, аха ҳаззыԥшыз аԥсыӡ ахыԥхьаӡара ҟамлеит. Ҳгәы каҳажьӡом, игәаҳҭап ҽааны ишыҟало", - иҳәеит Ашәба.
Аԥсны аԥсыӡтә зауадқәа ааба ыҟоуп. Ашәба иажәақәа рыла аԥсыӡкразы иҟоу аквотақәа ақыҭанхамҩа аминистрраҟны ирзеихыршеит 5-5 нызқь тонна. Аԥсыӡкразы азин азауад иаанахәоит, уи акразы аамҭа анааиуа, аԥҟара инақәыршәаны 30 процент ахә иаразнак иахыршәаауеит.
Шәазыӡырҩы аудио.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Аԥсшьараз анхарҭаҭыԥқәа рҿаҵара амаҵзура TVIL.RU адырра ҟанаҵоит Аԥсны акурортқәа реиҳа аҿаҵа ахьыҟарҵо ракәны иҟоуп ҳәа.
Атуристцәа реиҳараҩык заанаҵы 8 - 15 уахы аангылареи 1,3 - 2,7 нызқьмааҭ аныхреи рыгәҭакуп.
Убри аан аиҳарак аԥсшьара ахәԥса лаҟәуп Гәдоуҭа - 1,3 нызқьмааҭ уахык азы, еиҳа ахәԥса ҳаракуп Пицунда - 2,7 нызқьмааҭ уахык азы.
Ииасыз ашықәс иадкыланы заанаҵтәи аҿаҵақәа рхыԥхьаӡара еиҳахеит акурортқәа быжьба рҿы:
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: