Анаплакы "Амшынеиқәафымцамч" "Афымцаҭира" аԥнахит

© Sputnik / Томас ТхайцукЧерноморэнерго
Черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
Ареструктуризациа иалҵшәаны иаԥҵахоит иаку, аппарат хада анапаҵаҟа иҟоу аҟәша. Аҭакԥхықәра идлоит аҟәша аиҳабы, аилазаараҿ иҟалоит аҭира аҟәшеи анџьныр хадеи.

АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Анаплакы "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" аԥнахит аекономика аганахьала иахьхәарҭамзи алҵшәа ахьаанамырԥшуази иахҟьаны. Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа.

Черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2021
АУН "Амшынеиқәафымцамч" иаԥнахуеит "Афымцаҭира" афилиал

Дҽа уснагӡатәык ала иаԥҵан аԥыхратә комиссиа. Уи напхгара аиҭоит афилиал адиректорс иҟаз Даур Делба.

Уаанӡа, АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада  Михаил Логәуа аилазаара ԥсахны, аҭыԥқәа рҿы афилиали иара аҟәшақәеи аԥыхзарц ӡбоуп ҳәа иҳәахьан. Логәуа иажәақәа рыла, аструктура ԥсахтәуп, аҭыԥқәа рҿы аҟәшақәа иаку шьақәгылакны, напхгаҩык дрыманы аҟаҵаразы, анапынҵақәа еихшазарц.

"Иаԥҵахоит иаку аиҿкаара. Уи аппарат хада анапаҵаҟа иҟалоит. Иҟоу зегьы азы аҭакԥхықәра здыло напхгаҩык иоуп", - иҳәеит иара.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" ахархәаҩцәа афымцамч рыҭара мҩаԥнагон, иара убасгьы еиҿнакаауан ахылаԥшратә система.

Ажәабжьқәа зегьы
0