АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2008 шықәса рзы ииз Очамчыра инхо Александра Гәарамиаԥҳа дыӡит жәабран хԥа шьыбжьон, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба.
"Аҵыхәтәаны дызбаз ауаа изларҳәо ала, аӡӷаб ҽынла асааҭ 12 рзеиԥш лыҩны ддәылҵын, аус зымуа ачаифабрика шыҟоу лхы рханы дцеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убас ашаҳаҭцәа ражәақәа рыла, Очамчыра инхо Инал Гамахариа, 2001 шықәсазы ииз, уи ахырхарҭала дышцаз рбеит.
Бадра Аиба иазгәеиҭеит Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ирыҵаркуа амилициа аҟәшақәа русзуҩцәа иӡыз аӡӷаб лыԥшаара ишаҿу.
"Аԥшаарақәа ирҿуп акинологиатә маҵзура аусзуҩцәагьы", - иҳәеит Аиба.
Аԥшааратә операциа напхгара хаҭала иазиуеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ҳәа инаҵишьит иара ицхырааҩ.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәыԥк ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ирҭеит.
Ааԥхьараҿы аветеранцәа иазгәарҭеит 2020 шықәсазтәи анапхгареиҭакреи уи ашьҭахьтәи алхрақәеи атәылаҿ аҭагылазаашьа шеиҭарымкыз, 2004 шықәса раахыстәи аполитикатә кризис еиҳагьы аҽшарҭбааз.
"Ақәԥара ахьӡала ақәԥара ҳарааԥсеит. Адәныҟатәи ашәарҭарақәа ракәӡам ҳазҿагылогьы, ҳара ҳара ҳаиҿагылоуп. Иахьа зегьы еилыркаахьеит иалху амҩа, аиаша уҳәозар амҩа аҟамзаара, хара имгакәа аҳәынҭқарра ацәыӡрахь ҳашкылнаго", - аҳәоит аԥшьгаратә гәыԥ ирыладырҵәаз ааԥхьара.
Аҳәынҭқарразы ишәарҭоу ахылҿиаақәа ралмыршаразы, амилаҭ ԥхьаҟатәи рыҿиараз аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы аветеранцәа ааԥхьара руеит:
Аҩаша, хәажәкыра 9 рзы аветеранцәа атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы Аҟәа апресс-конференциа мҩаԥыргеит.
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Ахра Аҩӡба иаанкылара Аԥсны аҩныҵҟатә ус акәны, азинхьчаратәи аӡбарҭатәи усбарҭақәа ркомпетенциа иаҵанакуа усны иахәаԥшуеит. Абри азы Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы аҳәамҭа ҟаҵоуп.
"Аҭагылазаашьа амилаҭтә закәанԥҵара инақәыршәаны аҭышәныртәалара мҩаԥысып ҳәа агәыӷра ҳаманы ааԥхьара ҟаҳҵоит, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа рахь азиндырратә аспектқәа рхы рыларымгалаларц, аҳәынҭқарра аҩныҵҟа аҭынчра аиқәырхаразы", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа.
Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа хәҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.
Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.
Владимир Шьербаков, административтә зинеилагара мҩаԥигеит ҳәа даанкылоуп хәажәкыра 9-нӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: