Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт мчыбжьык аҩнуҵҟа ихыркәшахоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРемонт автодорог в Новосибирской области
Ремонт автодорог в Новосибирской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Анапаҵаҩра
Пицундеи, Цандрыԥшьи, Аҷандареи амҩақәа рремонт аанкылан иҟан аҳауатә ҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы.

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт мчыбжьык аҩнуҵҟа  ихыркәшахоит ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент аинтервиу аҭо Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа атехникатә хылаԥшра амаҵзура анџьныр Дикран Хынҭәба.

"Иацы абитум ҳауит. Уаҵәы инаркны аусурақәа ҳрылагоит. Пицундеи Цандрыԥшьи акаҭранқәҵара ҳалагоит, Аҷандара акаҭран ақәҵаразы амҩа архиара иаҿуп", - ҳәа иҳәеит Хынҭәба.

Пицундеи Цандрыԥшьи рҟны амҩақәа рремонт мчыбжьык аҩнуҵҟа хыркәшахоит амш иаҳнаҭар ҳәа иҳәеит иара. Уи ашьҭахь атехника Аҷандаратәи амҩахәҭахь ииагахоит. Уа ԥшь-километрак рҟынӡа ҟаҵатәуп. 2020 шықәса рзы Абӷархықәҟа ицо амҩа ф-километрак рҟынӡа аремонт ҟаҵан.

Дорожные знаки на территории капитального ремонта участка автодороги А-375 Восток Хабаровск - Находка. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2021
Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҿы амҩақәа рремонт амшцәгьақәа ирхырҟьаны иаанкылоуп

Пицундеи Цандрыԥшьи амҩақәа рремонт иалаган Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020 шықәса абҵарамзазы.

18 километра инаӡо амҩа ареспубликатә мҩаду аҟынӡа инеиуеит. Иара убри аамҭазы аремонт иалаган жә-километрак иҟоу Октиабртәи амҩа. Ԥхынҷкәынмзазы ари амҩа аремонт хыркәшан, иазԥхьагәаҭан егьырҭ ақыҭа амҩақәа рремонт алагара, аха амшцәгьақәа ирхырҟьаны иаанкылан.

Аремонт иалаган Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусурақәа мҩаԥнагоит "Амҩа-ргыларатә комбинат", ахылаԥшра ҟанаҵоит Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0