Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан "зегьы сырҿагылоуп" аграфа алырхит

Выборы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа раан зыбжьы азҭо зыбжьы зырҭо акандидат ижәла арӷьарахьтәи аганахьала адырга ықәдыргылоит.

АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апарламент адепутатцәа ааԥынтәи аԥхьатәи реилатәараҟны аԥсахрақәа аларгалеит азакәан "Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ралхразы".

Азакәан апроект рыдигалеит адепутат Гарри Кокаиа. Иара иазгәеиҭеит адокумент ишазԥхьагәанаҭо абжьыҭара аформақәа рыԥсахра, алхратә биуллетень аҿы аграфа "зегьы сырҿагылоуп" алхрала. Аихшьалақәа рыԥхьаӡара алыршахоит акандидат ижәла арӷьарахьтәи аган аҿы идыргыло адырга ала.

"Ари азакәан апроект аус адулоуп аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа раԥшьгарала. Азакәан апроект азырхоуп абжьыҭара апроцедура аԥсахра. Иара инақәыршәаны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ралхраан зыбжьы азҭо зыбжьы зырҭо акандидат ижәла арӷьарахьтәи аганахьала адырга ықәдыргылоит", - ҳәа иҳәеит апарламентари.

Азакәан хықәкыс иамоуп ареспубликаҿы абжьыҭарақәа рзеиԥш процедура аиҿкааразы ҳәа азгәеиҭеит Кокаиа. Ирыдыркылаз аӡбра инақәыршәаны уажәшьҭарнахыс аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа ралхраан зыбжьы азҭо зыбжьы зырҭо акандидат ижәла арӷьарахьтәи аганахь ала адырга ықәдыргылоит.

Адепутатцәа иара убасгьы аԥсахра аларгалеит ахәҭаҷ 9. Уи инақәыршәаны ақалақь, араион, ақыҭа рҟны алхратә комиссиақәа аиуристтә хаҿы изинқәа аманы амҳәыр, аштамп, абланкқәа, акредиттә еиҿкаарақәа рҿы аԥхьаӡамҭақәа амазар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0