Арепатриациа афонд 50 миллион мааҭ ахԥатәи ахшара изшәара иазоунажьит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание ГК по репатриации. г.Сухум
Здание ГК по репатриации. г.Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Анапаҵаҩра
Апрограмма "Адемографиа аҿиара 2021" аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа милаҭ иеиуоу аҭаацәараҿы ахԥатәии ишьҭанеиуеи ахәыҷи рираан ирзыршәоит 100 000 мааҭ.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Арепатриациа афонд 50 миллион мааҭ ахԥатәи ахшара изшәара иазоунажьит 2021 шықәсазы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афонд адиректор Енвер Чамагәуа.

"2020 шықәсазы Аԥсны аиҳабыра ахԥатәи ахшара изы аԥарашәара анапы ианнаҵеит Арепатриациа афонд. Ҳара аиуристтә хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи иршәо ашәахтә 2 процентктәи аизак аҟынтәии азеиԥш биуџьет аҟынтәии 50 миллион мааҭ наҳашьҭуеит хҩыки ма инеиҳани ахәыҷқәа ахьиуа аҭаацәарақәа рахь", - ҳәа иҳәеит Чамагәуа.

Иара иажәақәа рыла, 2020 шықәсазы ацхыраара рыҭан 470-ҩык. Есышықәса еивыгара дук ыҟамкәа 450 - 490 ҭаацәара ашәарақәа роуеит. 2020 шықәса ԥхынҷкәын анҵәамҭеи 2021 шықәса ажьырныҳәеи рзы 40-ҩык рҟынӡа аԥара рызшәахоит.

Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2020
250 инареиҳаны аԥсуа ҭаацәарақәа ахԥатәи ахәыҷы изы аԥара рзыршәеит

"Ԥхынҷкәын аҵыхәтәантәи амчыбжь азтәи рзаҳалқәак аанхеит. Адокументқәа ихьшәаны иахьаашьҭыз азы ашәарақәа 2021 шықәсахьы ииаагеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа милаҭ еиуоу аҭаацәарақәа ахԥатәи рыхшареи ирышьҭанеиуеи цхыраагӡак аҳасаб ала аԥара рзыршәоит. Уаанӡа аԥарашәара мҩаԥнагон адемографиатә биуџьетнҭыҵтә фонд "Азҳара". 2020 шықәса рзы "Азҳара" апроект Аԥсадгьыл ахь архынҳәреи адемографиеи рзы аминистрра иаҭан.

Шәкы-шәк нызқь мааҭ рзыршәоит милаҭла иаԥсыуаау аҭаацәарақәа. Убри азы аҭаацәа аилак ахь инеины арзаҳал рҩыроуп. Арзаҳал иацзароуп атәылауаҩшәҟәқәа рыхкьыԥхьаа, аҭыӡҭыԥ аҟынтә аршаҳаҭга, ахәыҷқәа риразы аршаҳаҭга, аҭаацәара алаларазы аршаҳаҭга рыхкьыԥхьаақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0