Гагра араион аҿы апансионат абылраан Урыстәыла атәылауаҩ дҭахеит

© SputnikУчения МЧС РА
Учения МЧС РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭан апансионатқәа руак аҟны амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә пост ахь аҭел иасит жәабран 4 асааҭ 16:50 рзы.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Николаи Вавилов, 1977 шықәса рзы ииз иԥсыбаҩ рбеит апансионат "Эра" аҟны иблыз ауадаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭан апансионатқәа руак аҟны амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә пост ахь аҭел иасит жәабран 4 асааҭ 16:50 рзы.

Амцарцәаҩцәа аҭыԥ аҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит.

Заанаҵтәи агәаанагарала иара абылраан агазхәаҽыга дахәыҽызар ҟалоит.

Ахҭыси иҭахаз изы аинформациеи ирылацәажәам.

Ажәабжьқәа зегьы
0