Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ иаԥҵахар ҟалоит аџьынџьуаа рзы Ахеилак

© Sputnik / Акоп Кущян Посольство РФ
Посольство РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ аџьынџьуаа русқәа рзы ауаажәларра-консультативтә Хеилак аԥҵара аԥшьган 2020 шықәса анҵәамҭазы.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Россотрудничество анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Алексеи Полковникови Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ аџьынџьуаа русқәа рзы ауаажәларра-консультативтә Хеилак аԥҵаразы аԥшьгамҭа адгылара арҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аурыс уаԥшьи Аԥсны Амшынеиқәатә казақцәа рыри рыпресс-маҵзура.

Алексеи Двинианин иҳәеит 2019 - 2020 шықәсқәа рзы Ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничество ахаҭарнакреи рыҽшазыршәахьаз Аԥсны инхо урыстәылаа ринтересқәа ирыдгыло аструктурақәа рхаҭарнакцәа реидкылара. Аха иара иажәақәа рыла "аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәақәак рыбжьара инымҵәаӡо аимак-аиҿак аурыс уаԥшь аидкылара иаԥырхагоуп".

Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит ишахәҭоу Ахеилак аԥырҵаанӡа ареспубликаҿы хкырацәала иаԥҵоу аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рыбжьара ажәеицҿакра алыршаны заанаҵтәи аусура амҩаԥгара.

"Аконсенсус азнеиреи, ауаажәларра-консультативтә хеилак аԥхьатәи аиԥылара амшхәаԥштә азҵаара апроект аус адулара алыршареи рышьҭахь ҳара ҳзы (Ацҳаражәҳәарҭаз) аԥшьгамҭа адгылара аҭара хьӡы дуӡӡан", - иҳәоит Алексеи Двинианин.

Адипломат иҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны иҟоу аурыс еиҿкаарақәа зегьы неилымхрада ишырзыҟоу.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ипозициа адгылара аиҭеит Россотрудничество анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Алексеи Полковников. Иара иҳәеит Ацҳаражәҳәарҭаҿы ауаажәларра-консультативтә хеилак аԥҵара аурыс уаԥшьқәа реидкыларазы хра ду аманы иҟалоит ҳәа.

2020 шықәса анҵәамҭазы "Аԥсны аурыс уаԥшь", "Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр", "Аԥсны аказақцәеи аибашьра иалахәыз аказақцәа-аветеранцәеи Реидгыла", Аԥсни, Урыстәылеи, ДЖәРИ, ЛЖәРи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы Афонд "Отечество", "Аԥсны инхо урыстәылатәи аџьынџьуаа аекономикатә цхыраара рыҭараз Ассоциациа, "Аԥснытәи аказақцәа руаԥшь" Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иахь аофициалтә шәҟәы нарышьҭит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ аџьынџьуаа русқәа рзы ауаажәларра-консультативтә Хеилак аԥҵаразы.

Ахеилак аԥҵара аԥшьгаҩцәа ргәаанагарала уи иалнаршоит Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа зегьи Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә мчрақәеи рзы аусеицуреи аинырреи рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0