Урыстәылаа Аԥсны рмазаратә зинқәа рзы Акомиссиа аилатәара мҩаԥысит ацҳаражәҳәаҩ далахәны

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылаа Аԥсны рмазаратә зинқәа реиҿкааразы Акомиссиа аԥҵан Аԥсны ахада иусдҵала 2010 шықәсазы.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Урыстәылаа Аԥсны рмазаратә зинқәа рзы Акомиссиа аилатәара мҩаԥысит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин далахәны, Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадры Гәынба ихантәаҩрала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿтәи аккаунт аҟны.

Встреча вице-президента Абхазии Бадры Гунба и посла Российской Федерации в Абхазии Алексея Двинянина - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2020
Гәынбеи Двинианини алацәажәеит Урыстәыла ауааԥсыра Аԥсны рмазаратә зинқәа рыхьчара азҵаара

Иазгәаҭоуп акомиссиа шахәаԥшыз Аҟәа, Гагра, Гал, Очамчыра араионқәа рҿы еимакы-еиҿактәны иҟоу ауадақәа, аҩнқәа, адгьылҭыԥқәа рганахь ала ашшыԥхьыӡқәеи агәалақәеи.

Аҽԥынкылақәа рыхәҭак нагӡан аӡбамҭақәа шьаҭас ирыҭаны, егьи ахәҭа аус зуа аԥсуа закәанԥҵара иахьақәымшәоз азы мап рыцәкын. Аилатәара аихшьаалақәа рыла иалкаан ашшыԥхьыӡқәеи аҽԥынкылақәеи аиҭахәаԥшразы ма аҿыцахәаԥшразы.

Акомиссиа иара убасгьы имҩаԥнагеит уаанӡа изхәаԥшыз аусқәа рганахь ала аинвентаризациа.

Аԥсны инхо урыстәылаа рмазаратә зинқәа рганахь ала апроблемақәа ҭҵаалахоит асоциал-економикатә ҿиараз аурыс-аԥсуа еиҳабырабжьаратә Комиссиа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0