АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак шьыжьы инаркны шьыбжьонынӡа фымцалашарада иаанхоит ашәахьа, жәабран 8 рзы ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".
Асааҭ 10:00 инаркны 13:30 рҟынӡа астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы атрансформатор Т-1 аусура аанкылахоит. Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭаҿы Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала, абри аамҭазы афымцалашара ҟалом Ажәытә ҳабла, "Колос" иахьаҵанакуа, алицеи-интернат, Иашҭхәа ақыҭа лбаатәи ахәҭа иахьаҵанакуа.
Иазгәаҭоуп иара убас аҳҭнықалақь аҿы аамҭала афымцалашара арцәара мзызс ишамоу Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аусурақәа ахьымҩаԥысуа азы.
"Амшынеиқәафымцамч" аҭамзаара шьҭанаҵоит иҟоу ауадаҩрақәа рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Бенур Қәираиа иумҭа ахәшьара аҭаразы Апарламент адепутатцәа рыҿцәажәаразы инеиит.
Аделегатцәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аиҳабы Ҭимур Гәлиа, АУЕ "Аруаа" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ҭемур Надараиа, апартиа "Аԥсны" аиҳабы Витали Габниа, Жәлар ракзаара Афорум аиҳабы Аслан Барцыц.
Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ааԥхьара ҟанаҵеит ачынуаа Қырҭтәыла рцара згәы амырҭынчуа зегьы еизарц азы.
Абри ашьҭахь Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз рҟынтәи ҩышәҩык рҟынӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахыбрахь инеиит адепутатцәа ирыҿцәажәарц уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ Бенур Қәираиа Қырҭтәыла иҟазаара иазкны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз рҟынтәи ҩышәҩык рҟынӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахыбрахь инеиит адепутатцәа ирыҿцәажәарц уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ Бенур Қәираиа Қырҭтәыла иҟазаара иазкны.
Адепутатцәеи дареи реицәажәара ашьҭахь ахада иахь инеиит гәыԥк.
Уаанӡа аопоззициатә партиақәа рхаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵахьан Бенур Қәираиа ԥхьатәара ицаразы адҵа шыҟаҵахо азы. Убри аан ахада Иусбарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит Қвираиа жәабран 19 рзы инапынҵақәа шьҭеиҵеит ҳәа.
Амитинг иалахәыз рыбжьқәа дыргон Бенур Қвираиа Қырҭтәыла аҩызара аполитика дадгылаҩызар, уахь дцарц.
Апарламент аҿаԥхьа иара убасгьы еизоит аоппозициатә мчрақәа рхаҭарнакцәа.
Ахыбра аҩналарҭа рыхьчоит азинхьчаратә усбарҭақәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: