Скорик еиҭалҳәеит аимҳәазы алаҵа COVID-19 ишаиааиуа

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота прививочного пункта по вакцинации от COVID-19
Работа прививочного пункта по вакцинации от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәынмза алагамҭазы Аԥсны аимҳәаҟынтә алаҵа аҟаҵара иалагеит. Ахархәара рырҭоит урыстәылатәи алаҵақәа "Ультрикси" "Совигриппи".

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Аимҳәаҟынтәи алаҵагьы акоронавирустә инфекциаҟынтә уахьчоит, избанзар аимҳәагьы анырра бааԥс знаҭо ацәеижьхәҭақәа COVID-19 изнаҭо роуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Амедикцәа ргәаанагарала, аимҳәа иацәыхьчоу ацәеижь авирус ахы иақәиҭны иаҿагылартә аҭагылазаашьа амоуп.

Уи адагьы, аимҳәаҟынтәи алаҵа ОРВИ змоу ачымазцәа аимҳәа шрымам иаразнакы ашьақәыргылара ҟалоит, избанзар алаҵа ҟазҵаз аимҳәа ихьӡом ҳәа лҳәоит Скорик.

"Сынтәа иазхаша алаҵа ҳаман. Уаанӡа аԥхьа 6 000 доза аахәаны нас иазымхо ахыԥхьаӡара ааҳхәозҭгьы, уажәы убриаҟара ирацәаны иаахәан, ахашәалақәа уажәгьы аҵәахырҭаҿы ишьҭоуп. Изҭаху аӡәыр дыҟазар, дҳадҵаалар ауеит, ашықәс аҩнуҵҟа ауаҩы дахьчоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Аминистрра иара убасгьы апневмококктә инфекциаҟынтә алаҵагьы аархәеит, изҭаху илшоит уи ачымазараҟынтәгьы ахыхьчара ҳәа азгәалҭеит Скорик.

"Сынтәа Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәаҟынтә алаҵа 17 000 доза аанахәеит, 13 000 доза араионқәа рахь еихшан. Изҭаху иахьиҭаху днеины алаҵа ҟаиҵар илшоит. Макьаназы алаҵа ззыҟаҵоу рхыԥхьаӡара шьақәыргылам, аха ауаа активла алаҵа ҟарҵон", - ҳәа лҳәеит лара.

Старт вакцинации от коронавируса в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Аԥсны алаҵа "Спутник V" аиур аналшо еилкаахеит

Ԥхынҷкәынмза алагамҭазы Аԥсны аимҳәаҟынтә алаҵа аҟаҵара иалагеит. Ахархәара рырҭоит урыстәылатәи алаҵақәа "Ультрикси" "Совигриппи". Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәаҟынтә алаҵа 17 000 доза аанахәеит.

2020 шықәсазы асезонтә еимҳәа алаҵа жьҭаарамзазы иҟарҵараны иҟан, аха урыстәылатәи алаҵа ҭзыжьуа азауадқәа ианаамҭаз иахьахьымӡаз азы аграфик еиҭагахеит.

Алаҵа аашьҭра аамҭа хьшәахеит избанзар Урыстәыла ақәҵара ҭыҵит 60 процент ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵазарц азы. Азауадқәа аминистрра адырра арҭеит убри азы алаҵа аашьҭра аграфик шеиҭаҵуазы.

Алаҵа изҭаху зегьы хатәгәаԥхарала аполиклиникақәа рҿы инеины хәыда-ԥсада иҟарҵар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0