Sputnik амчыбжь: Бедиатәи адгьылҳәазара, амаининг аҿагылара, атуризм аларҵәара

© Sputnik / Томас ТхайцукОбвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района
Обвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 1-7 рзы иҟаз ахҭысқәак реизга.

Аенергетика иадҳәалоу ажәабжьқәа, COVID-19 аҿагылара, атуризм алшара ҿыцқәа, амаинерцәа "рабашьра", Тҟәарчал араион аҿы адгьылҳәазара уҳәа егьырҭ ажәабжьқәагьы Sputnik ахҳәааҿы.

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

Бедиа арыцҳара

Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы адгьыл ҳәазеит. Уи иахҟьаны Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа дуи, Агәы-Бедиеи, Бедиеи еимаздо амҩа ҭабгеит. Амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы. Адгьыл аҳәазара иахҟьаны аҭаацәарақәа ҩба хыҵакырҭада иаанхеит.

Тҟәарчал иаҿыгахеит: Бедиатәи амҩа ҭабгеит адгьылҳәазара иахҟьаны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Тҟәарчал иаҿыгахеит: Бедиатәи амҩа ҭабгеит адгьылҳәазара иахҟьаны

Жәабран 3 рзы амҩа еиҳагьы иҭабгеит ҳәа иҳәеит Бедиа ду ақыҭа ахада Џьумбер Харчлаа.

Аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит. Амҩа шьапылаҵәҟьагьы узанымсыртә иҟоуп. Ишәарҭахеит. Уажәазы иахәҭоу ашәҟәқәа аиҳабыра рахь ишынашьҭуп ҳәа иҳәеит Харчлаа.

Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура аиҳабы Диана Занҭариаԥҳа илҳәеит адокументқәа акомиссиа иахысраны ишыҟоу, нас атәыла ахада ишизынашьҭхо.

Аӡбарҭатә усқәа

Аҩаша, жәабран 2 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа аӡбаҩ Роман Кәарҷиа Аԥсны ААР ахыбраҿы зыԥсҭазаара иалҵыз Анзор Ҭарба иусӡбараҟынтә дықәгазарц аӡбара аднакылеит. Аӡбаҩ Роман Кәарҷиа иқәгараз иқәгылеит аҳәынҭқарратә харадҵара ахаҭарнакцәа. Апрокурор Ельвира Хазириши лажәақәа рыла, 2020 шықәса абҵара 10 рзы аӡбаҩ Инар Кәарҷиа аӡбамҭа идкылан ахара рхихит Аутлев, Кулов, Џьыкырба, Ҷедиа, убри аан Инари Романи Кәарҷиаа ахьеижәлантәқәоу азы аус аҭҵаараан аҵыхәтәантәи ахаҿы ари аҭагылазаашьа анырра азҭар зылшо хаҿхар ҟалоит, убри азы аусҭҵаара далгатәуп.

Суд по делу Анзора Тарба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Аӡбаҩ иқәгара: Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анзор Ҭарба иус ахәаԥшра иалагеит

Жәабран 4 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан инхо Беслан Сергьегьиа иганахьала ашьаус иахәаԥшны 20 шықәса ихақәиҭра иалхәыдатәреи, имазара имхреи, ахараԥсаҳасабла 50 000 мааҭ иршәареи иқәнаҵеит.

Ахара здырҵо ауаҩԥсы ԥхынгәы 27 рзы Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан инхо А.Оганиан иҩны дыҩналаны дишьит.

Жәабран 4 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахара ихаранаҵеит Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба 2019 шықәса ԥхынгәымзазы Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәа ахьԥиҽызи дахьирҳәызи азы. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Абыхәба ахара ихаранаҵеит жә-шықәса ҭакрала ихигарц. Ацәгьа зуз, зықәра намӡац ахаҿы харадҵак аҳасаб ала жә-шықәса еиҳаны иқәҵара алшом, ихара ихыгарагьы азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿ ихигароуп.

Апрокуратура хада ари иақәшаҳаҭым, аха макьаназы азыӡба атекст нагӡа рмоуцт, атекст анроулак ашьҭахь ахашшааратә зыҳәа ҟарҵараны иҟоуп аус аиҭахәаԥшрахь анашьҭразы.

Апарламент актәи аилатәара

2021 шықәсазтәи Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент раԥхьатәи ааԥынтәи асессиа аатит ахаша жәабран 3 рзы. Аԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аенергетикаҿ аилагарақәа рзы ахара арӷәӷәаразы Административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара азакәан апроект.

Парламент Абхазии ратифицировал Соглашение с Сирией об отмене виз для дипломатов - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Апарламент актәи аԥхьарала аенергетикаҿ аилагарақәа рзы ахара арџьбарара аднакылеит

"Административтә закәанеилагаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит аенергетика аусхк аҟны аус зуа азакәанԥҵара аилагаразы ахара арџьбарара. Азакәан апроект инақәыршәаны акриптовалиута аиуразы мегаваттк инеиҳаны афымцамчхара закәаншьаҭада ахархәаразы хышықәса аҭакреи амазара амхреи азԥхьагәаҭоуп. Азакәан апроект Апарламент ахь инаишьҭит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.

Жәабран 3 рзы Аԥсны Апарламент адипломатцәа рзы авизақәа раԥыхраз Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит.

Жәабран 5 рзы Апарламент адепутатцәеи Аекономика аминистрра, "Амшынеиқәафымцамч", Апрокуратура, Афымцамчхылаԥшра, Аӡбарҭа рхаҭарнакцәеи актәи аԥхьарала ирыдыркылеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аусурақәа мҩаԥызго рганахьала азакәан апроект.

Бжьаниеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи реиԥылара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аиҳабыреи инарҭбаау реилацәажәара мҩаԥысит ахаша жәабран 3 рзы.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ажьырныҳәа 24 инаркны ачымазараҿкы ахҭысқәа шеиҵахо атәы азгәарҭеит.

В Приморье возобновили обучение детей в малокомплектных школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Аԥснытәи ашколқәа шәкы аҵаратә процесс алагара иазыхиоуп

Аԥснытәи ашколқәа шәкы аҵаратә процесс алагара иазыхиоуп ҳәа иҳәеит ахада имҩаԥигоз аилацәажәараҿы Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.

"Аҵаратә процесс етап-етапла алагара азԥхьагәаҭоуп. Аԥхьа иааҳартуеит 150 еиҳамкәа аҵаҩцәа ахьыҟоу. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҭышәынтәалар, егьырҭ ашколқәагьы ааҳартуеит. Актәи аетап аан шәкы рҟынӡа школ раартра азгәаҳҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла, онлаин-ҵара алҵшәақәа шамоугьы, аҵаратә процесс аиҭахацыркра иазыԥшуп.

Ахада иаԥшьигаз апроектқәа Урыстәылатәи Афедерациа адгылара арҭеит ҳәа лҳәеит аилацәажәараҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа.

Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Озган аҳаирбаӷәаза аартра, атәыла газла аиқәыршәара, Ԥсоу ацҳа аремонт дрылацәажәеит

Апроектқәа рзырхоуп аҳаирбаӷәаза аартра, атәыла газла аиқәыршәара, Ԥсоу ацҳа ареконструкциа. Озганԥҳа лажәақәа рыла, аҳаиртә баӷәаза азҵаарақәа рзы Росавиациаҟны аиԥыларақәа хԥа мҩаԥган.

Озганԥҳа иара убасгьы илҳәеит 2020 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа 77 процент рыла инагӡоуп ҳәа.

Аилацәажәараҿы  Аслан Бжьаниа иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зхантәаҩраҿы дыҟоу аусутә гәыԥ  аекономикатә политика ахырхарҭа хадақәа рзы ажәадгалақәа азнархиараны ишыҟоу. Аусутә гәыԥ аԥҵан 2020 шықәса рзы.

COVID-19 иаҿагылан ақәԥара

Атәыла ахадеи атәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәеи реиԥылараҿы Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит COVID-19 аҿагылараҿы акадртә проблема аҭыԥ шамоу. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иинформациала Урыстәылатәи амобилтә госпиталь жәабран 15 рзы аусура хыркәшахоит, иара убасгьы Гәдоуҭатәи аковид-центр аҿы Урыстәылатәи аҳақьымцәа ркомандировкақәа хдыркәшеит иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит арҭ азҵаарақәа аус рыдыруларц.

Акоронавирустә инфекциа хызҽуа алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа аашьҭра иазыԥшуп жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы ҳәа иҳәеит адепутат Алхас Џьынџьал Апарламент аизараҿы. Аԥхьатәи азыҳәа нашьҭын аԥхынразы, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны иаашьҭымызт. Убри инадҳәаланы Аҳәынҭдумахь ашәҟәы шьҭуп аус арццакразы.

Аԥсны Урыстәылаҟа алаҵа аиуразы 2020 шықәса цәыббрамзазы азыҳәа нанашьҭит. Иазԥхьагәаҭан 15 - 20 нызқь доза алаҵа аиура.

Аԥсны апандемиа иалагазар ичмазцәахахьеит – 11800-ҩык, ргәы бзиахеит 10625-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 181-ҩык.

Атуризм аусхк

Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит. Хышба диԥылеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, ирылацәажәеит атуризм аусхк аҟны аҭагылазаашьа, аҿиара аԥеиԥшқәа рызҵаара.

Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иара убасгьы Урыстәыла атуризм азы Афедералтә маҵзура ахада Зарина Догузова дылԥылеит. Хышбеи Догузовеи алацәажәеит Москватәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа MITT аҳәаақәа ирҭагӡаны аинырратә планқәа. Ацәыргақәҵа Урыстәыла иналукааша цәыргақәҵоуп акатегориа "Атуризми аԥсшьареи" аганахьала. 2020 шықәсазы апандемиа иахырҟьаны ацәыргақәҵа мҩаԥгамызт.

Уаанӡа адырра ҟаҵан Москва ақалақь атуризм азы Аилак анапхгаҩы Екатерина Проничевеи Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи атуризм аусхк аҟны аилибакаареи аусеицуреи рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит ҳәа.

Туристка на набережной в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Аԥсны 2021 шықәсазы миллионҩык инареиҳаны аԥсшьацәа ирзыԥшуп

Аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа рнапы зҵарҩыз адокумент инақәыршәаны атуризм ахырхарҭаҟны аус еицырулоит, аекспертцәеи иҷыдоу агәыԥқәеи реимдара иацхраалоит – амузыкатәи атеатртәи фестивальқәа, атуризм азҵаара аганахьала имҩаԥысуа аизарақәа, ацәыргақәҵақәа, асимпозиумқәа, аконгрессқәа рылахәра хықәкны измоугьы налаҵаны. Иара убасгьы еицымҩаԥыргалоит атуристтә џьармыкьа аҭҵаара, еицеизыргалоит аинвестициатә проектқәа рзы аинформациа, еицаадырԥшлоит атуристтә инвестициа ахырхарҭақәеи аусхкқәеи. Уи адагьы, Аганқәа ацхраалоит атуризм аусхк, асасдкылара аиндустриа уҳәа рҟны зусура мҩаԥызго ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиара, атуристцәа рзинқәа рыхьчара.

Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Москва уаанӡа урыстәылатәи атуристтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа дырԥылахьан, ихы алаирхәхьан Урыстәыла Ауаажәларратә палата имҩаԥнагаз астол гьежь.

Амаҵзурақәа рхадацәа реиҭакра

Жәабран 4 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Даур Кәырмазиа, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр инапынҵақәа макьана инаигӡалоит уи ихаҭыԥуаҩ Мераб Логәуа.

Аҟәа ахада Беслан Ешба адҵа инапы аҵаиҩит АУН "Аӡыканал" адиректор Александр Ҳаразиа ԥхьатәара ицаразы ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны ихы иақәиҭтәразы. Ари аҭыԥ аҿы даҭоуп Даур Паҷкориа.

Ахәыҵхразы аҭыԥҳа лӷьычра

Жәабран 3 аҽнышьыбжьон дыӡит 2008 шықәса рзы ииз Очамчыра инхо Александра Гәарамиаԥҳа. Иӡыз аӡӷаб лыԥшаара иаҿын Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ирыҵаркуа амилициа аҟәшақәа русзуҩцәа, акинологиатә маҵзура аусзуҩцәа, СОБР аҟәша. Аԥшааратә операциа напхгара хаҭала иазиуан аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

Лара дрыԥшааит, лхы дақәиҭыртәит адырҩаҽны.

Даанкылан аӡӷаб хәыҷы дызӷьычыз Инал Гамахариа. Иара 200 нызқь мааҭ лыхә ыҵихыр иҭахын. Абри иҳәеит иҿахәы аниҿырхуаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0