Ашәҟәы ҟаԥшь иану: 55 шықәса зхыҵуа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра иаци иахьеи

© Sputnik / Томас ТхайцукСосновая роща
Сосновая роща  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Анапаҵаҩра
Ҵакырала 3800 гектар иҟоу Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны иахьа ирызҳауеит Ашәҟәы ҟаԥшь иану шәкы инареиҳаны аҵиаақәа. Урҭ арбақәан, насгьы иахьатәи рҭагылазаашьа атәы дазааҭгылеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра адиректор Даур Џьергьениа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра ҳәа еизакны 1966 шықәсазы ауп ианышьақәгыла. Уи аԥхьаҟа хаз-хазы зны Афон ҿыц иадын, нас Риҵатәи аҳәырԥсарра. Иҵегь иҵауланы уагәылаԥшуазар, Пицундатәи амзара аҳәырԥсарра аҳасабала иаартын жәабран 9, 1926 шықәсазы.

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра адиректор Даур Џьергьениа иажәақәа рыла, иахьа ари аҵакыраҿы изызҳауа шәкы инареиҳаны аҵиаақәа Ашәҟәы ҟаԥшь иану роуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, урҭ реиҳарак ахыӡӡаара иалагеит. Асовет Еидгыла аамҭақәа раан иахәҭаз ахылаԥшра рымазҭгьы, уажәы аҳәынҭқарра иамаӡам алшара абнақәа реиқәырхаразы шьаҭанкылатәи аусурақәа рымҩаԥгара.

© Sputnik / Илона ХварцкияПицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра адиректор Даур Џьергьениа
Ашәҟәы ҟаԥшь иану: 55 шықәса зхыҵуа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра адиректор Даур Џьергьениа

"Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны аҵыхәтәантәи абна аиқәыршәара мҩаԥган 1981 шықәсазы. Ҳара Урыстәылатәи аспециалистцәа ҳаҽрымаданы иҭаҳҵааит иахьа абна аиқәыршәара шаҟа харџь артәои ҳәа. Излеилкаахаз ала, гектрак ԥшь-миллионк аҭаххоит. Шәара шәазхәыц, 3800 гектар иҟоу аҵакыра шаҟа мааҭ ақәырӡхо. Аԥсны аекономика уи иаҵгәо иҟам", - иажәа иациҵоит Даур Џьергьениа.

Сухопутные черепахи в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Лӡаа ақыҭанхацәа хылаԥшра шрырҭо

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы изызҳауа аҵиаа ссирқәа ирылукаауеит аԥса, аџь, абацә, аҵаҵындраҵла, ахьа, ахьаца, ашыц уҳәа. Дара рыҿиара даара иаԥырхагоуп иаҵиаауа ахьараџь. Уи арыцқьаразы инарҭбаау аусмҩаԥгатәқәа аҭахуп. Даур Џьергьениа иазгәеиҭеит шықәсқәак раԥхьа "Росэнергоатом" ахаҭарнак Џьумбер Ткьебучаа иҟаиҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Пицунда хә-гектарк амзара ахьараџь аҟынтә ахы ишақәиҭыртәыз. Ари аҭыԥ аҿы иахьа угәы иахәаратәы аҵлақәа еилаччы игылоуп.

"Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны аҵиаақәа реиқәырхаразы раԥхьа иргыланы аҵакыра ахкаара аҭахуп. Иаҳҳәозар, пицундатәи аԥсақәа ааха ду рырҭоит арахә, ауаа ракәзаргьы, аԥсабара иеиҷаҳаӡом. Ас еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа иахылҿиааит Ашәҟәы ҟаԥшь иану ахаҳәрагәил ахыӡӡаара, убри амҩа иануп аӡышәҭышгьы. Ҳаҵлақәа шықәсык ҩынтә, ааԥынреи ҭагалани, ахәшә рықәҭәатәуп. Иақәнагоу ахылаԥшра ҳзаҭом аҟнытә Асыџьқәа аџьра чмазаҩхеит. Аҵлақәа реиҳарак ахәаҷақәа ргәылалеит, ахәаԥа иакит. Узыргәамҵуа акәны иҟоуп аҭыԥантәи анхацәа рнапала ааха ахьарҭо. Аџьҵлақәа рывҵиаақәа азҳаха рырҭом, ргәамсам ала аԥсабара ахыршьаауеит", - инаҵишьит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсара
Ашәҟәы ҟаԥшь иану: 55 шықәса зхыҵуа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Аԥсара

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥссара иахьа абнахылаԥшҩы хадеи, аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳаби, абнахылаԥшыҩцәа хҩыки, абнаҭҵааҩ-атехникцәа ҩыџьеи, абнахьчаҩцәа жәаҩаҩыки азааԥсоит. Дара рылшарақәа инрықәыршәаны абна еиҿыркаауеит, иажәыз аҵлақәеи аҵиаақәеи ықәыргоит, аҵакыра ацәгьоуцәа рҟынтә ирхьчоит.

Эрик Джакония  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2020
Аԥсабара уанеиҷаҳауа: Ерик Џьакониа ԥсаатәла Аԥсны абнара ширбеио

"Ҳара ҳабнақәа рҟны аамҭа-аамҭала Урыстәылантәи аспециалистцәа ааны аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит. Ҳаҵлақәа рызҳашьа, рықәра уҳәа зегьы ашәҟәы иҭаргалоит рыҭҵаарадырратә усумҭақәа рзы. Мысратәи абнақәа рҿы рылаԥш иҵашәо Аԥсны уаҳа џьаргьы иуԥымло алаԥан ҵла џьашьаны "ари ақәра дуӡӡа амоуп, адинозавр иақәлоуп, ҟалашьас иамои иахьанӡа иахьеиқәхаз" анырҳәо, сара, "ҳарҭ аԥсуаа иаҳҩызоуп, ԥсра ақәым" ҳәа расҳәоит. Ажәакала ҳаԥсабара абеиара ихнахуа рацәаҩуп", - иажәа иациҵоит Даур Џьергьениа.

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҵарауаа аҵиаақәа рнаҩс иаднаԥхьалоит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи. Араҟа адгьылбжьарамшынтә акәуақәа рнызарҭа ҭырҵаауеит. Абнақәа рҿы иуԥылоит ахьаԥарчқәа, аҳәазақәа, ажьақәа, абгассақәа, абгалаџқәа. Ирацәаӡоуп аԥсаатә хкқәа. Аҳәырԥсарра аусзуҩцәа рымчала иааӡаны иоужьын ацаблыкьқәа. Лӡаа ақыҭанхацәа Џьакониаа ааигәа абнакәытқәа рхала аҩны илхны абна иарҭеит.

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы изызҳауа аҵиаақәа зегьы рсиа ашәҟәы иҭагалоуп, хылаԥшра рымоуп, аха рыцҳарас иҟоу - ианаамҭоу ишахәҭоу ахәышәтәра ахьырмоуа ауп. Насгьы дара ауаа ирҩызоуп, аекологиатә ҽыԥсахрақәа рныԥшуеит, ирызцәырҵуеит цқьа иҭҵаам ачымазарақәа. Ҵлак инаӡаны иазҳарц азы 25-30 шықәса аҭахуп. Убри аҟнытә иахьа иҳамоу еиқәырхатәуп излауала.

© Sputnik / Илона ХварцкияПицундатәи амза
Пицундатәи амза - Sputnik Аҧсны
1/5
Пицундатәи амза
© Sputnik / Томас ТхайцукПицундатәи амзара
Пицундатәи амзара - Sputnik Аҧсны
2/5
Пицундатәи амзара
© Sputnik / Илона ХварцкияПицундатәи амза
Пицундатәи амза - Sputnik Аҧсны
3/5
Пицундатәи амза
© Sputnik / Илона ХварцкияПицундатәи амза
Пицундатәи амза - Sputnik Аҧсны
4/5
Пицундатәи амза
© SputnikПицундатәи амза
Пицундатәи амза - Sputnik Аҧсны
5/5
Пицундатәи амза
1/5
Пицундатәи амза
2/5
Пицундатәи амзара
3/5
Пицундатәи амза
4/5
Пицундатәи амза
5/5
Пицундатәи амза

Даур Џьергьениа абнанхамҩеи абнааглыхреи рынџьныр-технолог изанааҭ имоуп. 2000 шықәса раахыс иара Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы аус иуеит. 2015 шықәсанӡа абнахылаԥшҩы еиҳабыси адиректор ихаҭыԥуаҩи рмаҵурақәа ныҟәигон. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адиректорс дыҟоуп. Ианашьоуп Ахьӡ-аԥша аорден III аҩаӡара. Аԥсны зҽаԥсазтәыз абнаҭҵааҩы ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0