АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik, Илана Амқәабԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит хәышықәса зхыҵуа, адиагноз "остеогенез" ззықәгылоу Дамеи Қәычбериа игәабзиара аиҭашьақәыргылараз аԥарақәа реизгара.
Дамеи хәыҷы даара иактиву хәыҷуп, ахәыҷтәы Центр аҿы ауаргьалақәа зегьы дырхысит. Аиҳарак игәаԥхеит ахәмарратә автомат – амашьына аԥсҟы ахьукша. Дамеи аиашьеиҳаб димоуп. Уи жә-шықәса ихыҵуеит. Аишьцәа абзиабара ду рыбжьоуп.
Дамеи Қәычбериа ичымазара шамахамзар иуԥымло, агенетикатә ҟазшьа змоу чмазароуп. Даниуаз инапы, ишьапы, ижәҩахыр ԥыҵәҵәаны диит.
Дамеи иан Џьенни Қәычбериаԥҳа илҳәеит жәымз анихыҵуаз адиагноз "несовершенный остеогенез" шизықәдыргылаз. Дамеи иҩызоу ахәыҷқәа "асаркьалыхқәа" ҳәа ирышьҭоуп.
"Дамеи икапан иацлароуп. Уи аҭахуп ибаҩқәа ахьынӡаӷәӷәахаз аилкааразы. Насоуп аоперациа аныҟаҵатәу" ҳәа лҳәеит лара.
Афонд "Ашана" ахь аҭаацәа уаанӡагьы идҵаалахьан. Дамеи 10 курск ахәшә памидронатом изыҟарҵахьан ари Ацентр аҿы. Уи иалнаршеит ахәыҷы дгыло, ак кны даваныҟәо иҟалара.
Иҟоу аҭагылазаашьа аиқәырхарази ԥхьаҟатәи алшарақәа ралыршарази Дамеи Қәычбериа аамҭа-аамҭала памидронат иоулароуп, уи адагьы ацәеижьтә реабилитациа иҭахуп.
"Ашана" ахылаԥшратә хеилак алахәыла Анна Гәниаԥҳа илҳәеит Дамеи иеиқәырхараз ишаҭаху 486 000 мааҭ. Ахәыҷы шықәсыктәи аҽыхәышәтәра мҩаԥигароуп Москватәи аклиникаҿ. Аҭаацәара абри аус аҿы ауаа рыцхыраара иазыԥшуп.
Ацхыраара аҟаҵашьазы "Ашана" аофициалтә саит аҿы адырраиура ҟалоит.
АҞӘА, хәажәкыра 5– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 234-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп -16-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 14-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Аҟәа имҩаԥысит "Ақыҭанхамҩа аҿиареи, аинновациеи рзы ацентр" захьӡу анаплак ҿыц аалыҵ аӡыргара иазкыз аусмҩаԥгатә. Аӡыргарахь инаган еиуеиԥшым ахәаҷа-маҷақәа рнырҵәаразы рхы иадырхәо ҩынҩажәа рҿынӡа ахәшәқәа. Аиҿкааҩцәа излазгәарҭо ала, ари коммерциатә проектуп. Уи напхгара аиҭоит ақыҭанхамҩа ԥасатәи аминистр Амиран Какалиа.
Шәазыӡырҩы аудио.