АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа ҭелла иҽимеидеит Урыстәыла АҶА Аҩадатәи Уаԥстәылатәи аусбарҭа аиҳабы Александр Хоружим, абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
"Кәыҵниа адырра ҟаиҵеит Владикавказ иҟалаз арыцҳараҟны Аԥсны АҶА иаҭахны иҟоу ацхыраара ишазыхиоу",- ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Урыстәылатәи рколлегацәа ари ҭабуп ҳәа ахырҳәааит, иазгәарҭеит макьаназы дара рымчқәа шеизхо.
Ахәаша ашьыжь атҟәацра ҟалеит Гагкаев ихьӡ зху амҩаду иангылоу адәқьан аҿы, Владикавказ. Ахҭыс мзызны иамазар ҟалоит ҳәа ишьоуп агаз аԥжәара.
Ахҭыс мзызны иамазар ҟалоит ҳәа ишьоуп агаз аԥжәара. РИА Новости иаҭоу адыррақәа рыла ахыбра аҵаҟатәи аихагылаҿы аҵәыҵәри баллонқәа ыҟан. Ахыбра атҟәацра ашьҭахь еиқәаҳаит. Убри аан амцакра ҟамлеит. Амаҵзура ҷыдақәа аилаҳара арыцқьара нап адыркит.
"Хымз раԥхьа Кәасҭа Ԥлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Игорь Аҩӡбеи ражәалагалала ақалақь аҿы иқәыргылан акәалаԥқәа. Аилибамкаара ҟамларцаз, ажәла мҳәакәа, ахьӡ азгәамҭакәа, акәалаԥқәа кнаҳҳаит аџьармыкьа уахьынҭало, Гал араион ахадара аҩналарҭа аԥхьа. Аинформациатә дырраҭарақәа рыла ажәлар ирылаҳҳәоит агәрагаратә кәалаԥқәа шыҟоу, дарбанзаалакгьы џьара ажәалагалак змоу, араион аҿы иҳахәаша, ма дара иргәамԥхо, ргәы еихьызшьуа акыр ыҟазар, ражәалагала азыӡырҩра, ҳшазыхиоу. Мчыбжьык ахь знык араион ахадеи сареи ҳцаны ақьаадқәа ҭганы иааҳгоит, Кәасҭа Ԥлиа даԥхьоит, анаҩс доусы инаигӡаша аусмҩаԥгатәқәа риҭоит. Иарбанзаалакгьы қьаадк аанымхацт иамыԥхьаӡакәа. Акәалаԥқәа русура иабзоураны галтәи аџьармыкьа аусқәа ҳаӡбахьеит. Амҩақәа рыҟаҵара, абаҳчақәа рҿы атәарҭақәа ахьыргылатәу уҳәа иҟаҳҵахьо маҷым. Иҳәатәуп, ари аус адгылара шаиуз ауааԥсыра рҟынтә, даара ибзиан аус ауеит аимадара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Миқаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Миқаа ашәахьала Гал араион ахадара аусуразы: аицәажәаха аамҭа ҳамаӡам
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 199-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ы.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 15-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12842-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12387-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 202-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>