АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аекономика аминистрра алаҳәара ҟанаҵеит авиациа аусхк аҟны аҟазауаа рыдкылара ишалаго Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҿы аиҭаҽазыҟаҵара ахысразы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аҭахра рымоуп абарҭ азаанаҭқәа:
Аԥшьаша жәабран 11 рзы Росавиациаҿ имҩаԥган Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы аҳаиртә еимадара азҵааразы аконсультациақәа. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳаи аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура анапхгаҩы Александр Нерадькои Москва аиԥылара мҩаԥыргеит.
Нерадько иҳәеит аус адулоуп амҩақәҵаратә хсаалага ҳәа.
Кристины Озганԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны ақәгәыӷуеит аҳаиртә баӷәаза акомплекс аобиектқәа апроект рзыҟаҵара сынтәа иалагоит ҳәа.
Уаанӡа ахада Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо иҳәахьан Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра 2024 шықәса иахыгамхароуп ҳәа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ари мышкы-ҩымш ирусу шакәым аха апроект шынагӡахо.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны аҿар еизгоу ркоманда Ростовтәи Аолимпиатә резерв аучилишье акоманда иаҵахеит амҽыша жәабран 28 рзы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Ҭамаз Бжьаниа иааӡамҭацәа Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз разыҟаҵаҩ Александр Тумасиан иазыҟаиҵо акоманда иацыхәмаруан Шәача Аолимпиатә парк аҟны, иагьхыркәшахеит 2:1 ҳәа ростоваа риааирала.
Ахәмарра даҭааит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз, иара Александр Тумасиан идиныҳәалеит "Ахьӡ-аԥша" аорден III аорден ахьианаршьаз, уи азы Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан жәабран 9 рзы.
"Сара сазыҟаҵаҩ Александр Тумасиан аорден ахьианаршьаз идсныҳәалоит. Ари ауаҩ еснагь аԥснытәи аспортсменцәа илаԥш рхуп, ҳтәылаҿы аспорт арҿиара, аларҵәара дацхраауеит. Сынтәа иара ибзоураны аԥснытәи ашьапылампыласцәа қәыԥшқәа ааҩык Ростовтәи аолимпиатә резерв иаҵанакуа атәылаҿацәтә училишье иҭалеит. Иара гәыла-ԥсыла аспорт даласоуп, ианаауҭаххалак зегь рыла дувагылоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ашьапылампыл азы Аԥсны аҿар ркоманда аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны уаанӡа иацыхәмаруан шәачатәи акоманда "Медик", урҭ ирыҵахеит 4:0 ҳәа. Анаҩс ирыцыхәмарит аклуб "Шәача", аԥснытәи акоманда ари ахәмарраан иаиааит 4:2 ҳәа. Анаҩс, ҳкоманда астрахантәи "Волгарь" адубль иацыхәмарит, ара "Волгарь" аиааит 4:1 ҳәа.
Акурорт Гагра ашьаҭаркҩы, апринц Ольденбургтәи ипарки гагратәи аколоннадеи реиҭашьақәыргылара иалагеит ԥшьышықәса раԥхьа асоциал-економикатә ҿиара апрограммала. Аусурақәа рынагӡаразы иазоушьҭын 118 миллион мааҭ аԥара.
Иазԥхьагәаҭан апарк ӡылеи фымцалашаралеи аиқәыршәара. Ҳаамҭа иақәшәо аинфраструктура аиҿкаара адагьы иазыԥхьагәаҭоуп аҵиаақәа рацәаны реиҭаҳара, аӡҭарчқәа аԥсыӡ рҭаҵара.