Ҳаҭхәа ашьха амҵан иҟоу апарк Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ ахҵоуп

© Foto / из личного архива Георгия ДзидзарияГеоргий Алексеевич Дзидзария
Георгий Алексеевич Дзидзария - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Анапаҵаҩра
Ҳаҭхәа ашьха амҵан иҟоу апарк ахьӡ ахҵаразы азҵаара иалацәажәан Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа реилатәараҿы, ахәаша жәабран 12 рзы.

АҞӘА, жәабран 13-Sputnik. Ҳаҭхәа ашьха амҵан иҟоу апарк Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ ахҵоуп, абри атәы иҳәеит ақалақьтә еизара ахада Дмитри Маршьан.

Вид на центральный парк в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2020
Аҟәатәи апаркқәа ҩба рыхьӡ рыԥсахуеит

"Апарк ахьӡ аҭаразы ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, иара ашәҟәы ааишьҭит ақалақь ахадарахь, анаҩсан ақалақь ахада адепутатцәа рахь ашәҟәы иҩит ари азҵаара адепутатцәа ахәаԥшразы. Адепутатцәа зегьы еицҿакны иақәшаҳаҭхеит Ҳаҭхәа ашьха амҵан иҟоу апарк Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ ахҵара", - иҳәеит Маршьан.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа реилатәарақәа руак аҟны иазыӡбан Воронов имҩеи Аиааира апроспекти реихысырҭаҿы иҟоу апарк Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратәи рполитикатәи усзуҩ Тарас Шамба ихьӡ ахҵазарц, аха 2014 шықәсазы ари апарк ихьӡ ахырҵахьан Гьаргь Ӡиӡариа.

"2014 шықәсазы адепутатцәа ирӡбхьан Воронов имҩаҟны ишьҭоу апарк Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ ахҵазарц, аха аӡбамҭа нагӡамызт, апаркқәа рсиаҟны иарбамызт, уи иахҟьаны уаанӡатәи аӡбамҭа аҟәыхын", - иҳәеит Маршьан.

Иара иазгәеиҭеит, Ҳаҭхәа ашьха амҵан иҟоу апарк Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ ахҵара шырҭаххаз иуацәеи-иҭынхацәеи, апарк шьҭоуп аҵарауаҩ дахьынхоз иҩны азааигәара.

Гьаргь Ӡиӡариа – еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩ, арҵаҩы, иналукааша ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны аҭҵаарадырратә, арҵаҩратә, насгьы ауаажәларратә-политикатә ԥсҭазаараҟны аҭыԥ ҷыда ааникылон. Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭоурыхтә наука ашьаҭаркыҩцәа дреиуоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0