Афгантәи аибашьцәа ирызку абаҟа рҿыцны иаартуп Пицунда

© Sputnik / Саида Жиба Открытие памятной плиты в честь воинов-афганцев в Пицунде
Открытие памятной плиты в честь воинов-афганцев в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Анапаҵаҩра
Афгантәи аибашьраҿы иҭахаз Гагра араион аҵеицәа рбаҟа ҿыц еиҭашьақәыргылоуп Пицунда ақалақь аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иахьа, жәабран 15 рзы Асовет солдаҭцәа Афганисҭан ианалҵыз иамшуп. Ари арыцхә инамаданы Пицунда ақалақь ҿыц еиҭашьақәыргылаз афгантәи аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа имҩаԥган ашәҭшьҭаҵара ацеремониа. Уи рхы аладырхәит афгантәи аибашьра аветеранцәа, Пицунда ақалақь ахадара, ауаажәларра.

Пицунда ақалақь Асовет аамҭақәа рзы аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәаҳәарала ишьақәыргылаз афгантәи аибашьцәа ргәалашәара иазку абаҟа аамҭа-аамҭала идырҿыцуан. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи аҿаԥшылара гәыгәҭажьын аҟнытә, ақалақь ахадареи урҭ ацхыраара рызҭаз анаплакыҩцәеи рыбзоурала еиҭашьақәыргылан. Ахаҳә иану аҩырақәа рҿыцуп, аҿаԥхьа ишьҭаҵоуп ахаҳә ҟьаԥс, иакәыршоуп адаҷ, еиҭаҳауп аԥсақәа.

© Sputnik / Саида ЖибаЕиҭарҿыцны Пицунда иаадыртыз Афгантәи аибашьцәа ирызку абаҟа
Афгантәи аибашьцәа ирызку абаҟа рҿыцны иаартуп Пицунда - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Еиҭарҿыцны Пицунда иаадыртыз Афгантәи аибашьцәа ирызку абаҟа

"Ҳара иаҳхашҭӡом Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәцәа, убас наунагӡа рыхьӡ кашәара ақәымзароуп аибашьцәа-аинтернационалистцәа. Сара сыхәҭакахьала абри абаҟа аиҭашьақәыргылараан иҳавагылаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Иҭабуп амшцәгьа шыҟазгьы ашәҭшьҭаҵаразы иааиз ҳауаажәлар. Иахьа Пицунда ақалақь аҟны зыԥсы ҭаны иҳамоу афгантәи аибашьра аветеран Зурик Папаа иоуп. Игәамбзиара иахырҟьаны ари агәалашәаратә рыцхә иазку аусмҩаԥгатә далахәӡам, аха ҳара аџьшьара иаҳҭоит аибашьра адәаҟны иааирԥшуаз агәымшәареи афырхаҵареи рзы. Арҭ аибашьцәа рҿырԥштәы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иалҵшәахаз рацәоуп", - иҳәеит Пицунда ақалақь ахада Алхас Шамба.

Аԥснынтәи Афганисҭан аррамаҵура иахысуаз ҳтәылауаа 300-ҩык иреиҳан, урҭ рахьтә 17-ҩык ҭахеит, реиҳараҩыкгьы аԥсуаа ракәын. Гагра араионынтә ари амцашыраҿы рыԥсҭазаара ҿахҵәеит Заканбеи Мықәба, Борис Мотренко, Михаил Калинин. Иахьа зыԥсы ҭоу афгантәи аибашьра аветеранцәа Гагра араион аҟны 32-ҩык ыҟоуп.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Гурам Гулашвили афгантәи аибашьрагьы далахәын. 1986-1988 шықәсқәа рзы ирратә уалԥшьақәа наигӡон Баграм-Руха, Панџшертәи аиҩхааҟны уҳәа.

© Sputnik / Саида Жиба Афгантәи аибашьра аветеран, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Гурам Гулашвили
Афгантәи аибашьцәа ирызку абаҟа рҿыцны иаартуп Пицунда - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Афгантәи аибашьра аветеран, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Гурам Гулашвили

"Раԥхьанатә Узбекистанҟа арратә ҽазыҟаҵарақәа рахь ҳаршьҭит. Маҟҿаҳәара аԥслымӡ ҳалсуа мацара ахысрақәа мҩаԥаагон. Сара БТР амеханик-аныҟәцаҩс сыҟан. Сызқәтәаз атехника усҟантәи аамҭазы иҿыцуп ҳәа иԥхьаӡан. Анаҩс, Афганистанҟа ҳдәықәырҵеит, уаҟа иажәхьаз, аарла иныҟәоз БТР ауп иҳауз. Атехника жәытә аамҭа кьаҿк иалагӡаны сҽаршьцыланы иныҟәысцар акәхеит. Ари аибашьраҿы иџьаушьеи ҳәа шәсазҵаауазар, машәыршәа Гаграа Маҷурик ҳәа иарҳәоит Дгьебуаӡе, Баграт Кәакәасқьыр, Давид Шувалџьиан ахьсықәшәаз ауп, рырхәҭақәеи ҳареи ҳанеизааигәаха", - игәалашәоит аибашьра аветеран.

Гурам Гулашвили аибашьра алацәажәара даара ицәыуадаҩынуп, ибжьы ҵысҵысуа, илабжышқәа иҿықәыҳәҳәо. Иара иашьа гәакьа Тариел дҭахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Шрома. Игәы иану ахәрақәа рацәоуп.

© Sputnik / Саида Жиба Афото аҿы афгантәи аибашьра аветеранцәа: Ҭаҭласҭан Чагәаа, Гәырам Барцыц, Гела Уанаҿа, Гәырам Гулашвили, Роман Шатковски Пицунда абаҟа аартраҿы.
Афото аҿы афгантәи аибашьра аветеранцәа: Ҭаҭласҭан Чагәаа, Гәырам Барцыц, Гела Уанаҿа, Гәырам Гулашвили, Роман Шатковски Пицунда абаҟа аартраҿы. - Sputnik Аҧсны
1/3
Афото аҿы афгантәи аибашьра аветеранцәа: Ҭаҭласҭан Чагәаа, Гәырам Барцыц, Гела Уанаҿа, Гәырам Гулашвили, Роман Шатковски Пицунда абаҟа аартраҿы.
© Sputnik / Саида Жиба Абаҟа аартра иаҭааит Гагра араион ауаажәлар, афгантәи асолдаҭцәа рҭаацәа
Абаҟа аартра иаҭааит Гагра араион ауаажәлар, афгантәи асолдаҭцәа рҭаацәа - Sputnik Аҧсны
2/3
Абаҟа аартра иаҭааит Гагра араион ауаажәлар, афгантәи асолдаҭцәа рҭаацәа
© Sputnik / Саида Жиба Гагра араион иалҵыз Афгантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа
Гагра араион иалҵыз Афгантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа - Sputnik Аҧсны
3/3
Гагра араион иалҵыз Афгантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа
1/3
Афото аҿы афгантәи аибашьра аветеранцәа: Ҭаҭласҭан Чагәаа, Гәырам Барцыц, Гела Уанаҿа, Гәырам Гулашвили, Роман Шатковски Пицунда абаҟа аартраҿы.
2/3
Абаҟа аартра иаҭааит Гагра араион ауаажәлар, афгантәи асолдаҭцәа рҭаацәа
3/3
Гагра араион иалҵыз Афгантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа

Ашәҭшьҭаҵарахь иааиз Гурам Барцыц жәаа мзы афгантәи аибашьра далахәын. Иара Асовет солдаҭцәа Афганистан аанрыжьырц ҩымз шагыз ахәрақәа иоуит. Аибашьра адәаҟны Гурам ивыршьааит икомандаҟаҵаҩцәа, иҩшьапык арҭҟәацга ихнажәеит иҩыза гәакьа Гоча Маланиа. Абарҭқәа зегьы аибашьра аветеран лассы-лассы иблаҿы иааиуеит. Гурам Барцыц аҭагылазаашьа ихы иархәаны Гагра араион афгантәи аибашьра аветеранцәа рыхьӡала, Пицунда ақалақь анапхгареи ари абаҟа аиҭашьақәыргылаҿы ирыцхраази иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Афгантәи аибашьраҿы иҭахаз Заканбеи Мықәбеи, Борис Мотренкеи, Михаил Калинини иранашьоуп "Аџьар ҟаԥшь" аорденқәа.

Асовет ар Афганисҭан иаларгалеит 1979 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы, иалыргеит 1989 шықәса жәабран 15 рзы. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Афганисҭан аибашьра иалахәын 650 нызқьҩык асовет ар рконтингент, 200 000-ҩык СССР атәылауаа. Иҭахеит 15051-ҩык. Аԥснынтәи 300-ҩык инареиҳаны Афганисҭанҟа аррамаҵзура рхыргарц ишьҭын, урҭ рахьтә 13-ҩык уи аибашьраҟны иҭахеит. Иахьазы ареспубликаҿы 140-ҩык аветеранцәа ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0