АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Диана Самава, 2006 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху амҩаҿы игылоу лыҩнаҟынтәи ддәылҵит жәабран 16 асааҭ 10:00 рзы, макьанагьы аҩныҟа дыхнымҳәыцт. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аӡӷаб агәилԥшшәы змоу акьаҿ лшәын, аџьынсқәеи аботинка еиқәаҵәақәа лышьан.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра алаҳәара ҟанаҵеит аӡӷаб дахьыҟоу ҳәа акрыздыруа зегьы аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟарҵарц абри аҭел ала: +7 (840) 226-41-41 ма +7 (940) 920-20-95 ала, WhatsApp Telegram Messenger рахьгьы.
АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи араионтә еизарахь ашәҟәқәа неишьҭит араион ахадас Баграт Боџьгәуа икандидатура ахәаԥшразы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала адокумент анапы аҵаҩын жәабран 26 рзы.
Баграт Боџьгәуа Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дҟаҵан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала 2020 шықәса, лаҵарамзазы. Боџьгәуа ари аҭыԥ аҿы диԥсахит Руслан Ладариа.
Гәдоуҭа араионтә еизара адепутатцәа Боџьгәуа араион ахадас дшьақәыдмырӷәӷәеит ажьырныҳәа 29 азтәи реилатәараҿы. Уи азы бжьык игхеит.
Аконституциатә процедура инақәыршәаны атәыла ахада азин имоуп 30 мшы рыҩныҵҟа аҽазныкгьы Боџьгәуа икандидатура адепутатцәа ирыдигалар, мамзаргьы аҽа кандидатурак рыдигалар.
Аизараҿы ақалақь, араион ахадас зыӡбахә ҳәо икандидатура рыдрымкылар, атәыла ахада азин имоуп аамҭала анапынҵақәа назыгӡо иаҭара.
Араион, Аҟәа ақалақь, аҳабла, ақыҭа ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, 30 шықәса ирҭысхьоу, 5 шықәса еиҵамкәа аџьатә ԥышәа змоу.
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Ахра Аҩӡба даанкылазар ҟалоит изакәанымкәа бџьарла еибыҭоу Донецктәи жәлар Рреспублика атәылауаа ахьицу азы ҳәа агәаанагара рымоуп иара иуацәеи идгылаҩцәеи.
Абри азы адырра ҟалеит Аҩӡба иуацәақәак АШәМ ахыбра ианыҩнала ашьҭахь. Дара изларҳәаз ала, Ахра Аҩӡба ицу донецктәи атәылауаагьы аанкылоуп.
Дара Ахра Аҩӡба доурышьҭаанӡа еимпырц ргәы иҭаӡам.
Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз. Уи ирҵабыргит изааигәоу ауаҩы.
Азинхьчаҩцәа иҩны иакәшаны игылоуп, аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа ааицҳаит акоррреспондент аҭыԥ аҟынтәи.
Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзураҟны ари аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭом.