Гәдоуҭа иӡыз аӡӷаб дрыԥшааит

© Sputnik Милиция МВД
Милиция МВД - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Анапаҵаҩра
Диана Самава, 2006 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху амҩаҿы игылоу лыҩнаҟынтәи ддәылҵит жәабран 16 асааҭ 10:00 рзы, аҽны хәлаанӡагьы аӡәгьы лыҽималымдеит.

АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Диана Самава, 2006 шықәса рзы ииз, аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны дыԥшаауп. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.

Иазгәарҭеит аӡӷаб кьыс лымам ҳәа. Инацҵоу адыррақәа ҟарымҵеит.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Диана Самава, 2006 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху амҩаҿы игылоу лыҩнаҟынтәи ддәылҵит жәабран 16 асааҭ 10:00 рзы, аҽны хәлаанӡагьы аӡәгьы лыҽималымдеит. Аӡӷаб лыԥшаара иалахәын Аԥсны ААР араионтә ҟәшақәа, аппарат хада, СОБР аусзуҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0