АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Арадиоелектронтә ҿагылареи арадиолакациатә пунктқәеи реимадарала Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аԥырҩы дызҭам "аӷа" иԥрыгақәа ҭадырхеит. Ацәҟьарақәа рроль нарыгӡон, адгьылтә радиоелектронтә ҿагылареи аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәеи. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы аҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рырҭон аԥрыгатә комплексқәа "Житель", "Красуха".
Аҽазыҟаҵара шазыԥхьагәаҭаз ала адгьылтә радиоелектронтә ҿагылара аҟәшақәа имҩаԥыргеит илаҟәны иԥыруаз ацәҟьа маҷқәа рыԥшаара, нас дара рзы адыррақәа арадиоелектронтә ҿагылара акомплексқәа ирзынарышьҭит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
ААО аррамаҵзурауаа Амшынеиқәа аԥшаҳәеи ашьхареи рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны аҿар еизгоу ркоманда Ростовтәи Аолимпиатә резерв аучилишье акоманда иаҵахеит амҽыша жәабран 28 рзы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Ҭамаз Бжьаниа иааӡамҭацәа Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз разыҟаҵаҩ Александр Тумасиан иазыҟаиҵо акоманда иацыхәмаруан Шәача Аолимпиатә парк аҟны, иагьхыркәшахеит 2:1 ҳәа ростоваа риааирала.
Ахәмарра даҭааит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз, иара Александр Тумасиан идиныҳәалеит "Ахьӡ-аԥша" аорден III аорден ахьианаршьаз, уи азы Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан жәабран 9 рзы.
"Сара сазыҟаҵаҩ Александр Тумасиан аорден ахьианаршьаз идсныҳәалоит. Ари ауаҩ еснагь аԥснытәи аспортсменцәа илаԥш рхуп, ҳтәылаҿы аспорт арҿиара, аларҵәара дацхраауеит. Сынтәа иара ибзоураны аԥснытәи ашьапылампыласцәа қәыԥшқәа ааҩык Ростовтәи аолимпиатә резерв иаҵанакуа атәылаҿацәтә училишье иҭалеит. Иара гәыла-ԥсыла аспорт даласоуп, ианаауҭаххалак зегь рыла дувагылоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ашьапылампыл азы Аԥсны аҿар ркоманда аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны уаанӡа иацыхәмаруан шәачатәи акоманда "Медик", урҭ ирыҵахеит 4:0 ҳәа. Анаҩс ирыцыхәмарит аклуб "Шәача", аԥснытәи акоманда ари ахәмарраан иаиааит 4:2 ҳәа. Анаҩс, ҳкоманда астрахантәи "Волгарь" адубль иацыхәмарит, ара "Волгарь" аиааит 4:1 ҳәа.
Акурорт Гагра ашьаҭаркҩы, апринц Ольденбургтәи ипарки гагратәи аколоннадеи реиҭашьақәыргылара иалагеит ԥшьышықәса раԥхьа асоциал-економикатә ҿиара апрограммала. Аусурақәа рынагӡаразы иазоушьҭын 118 миллион мааҭ аԥара.
Иазԥхьагәаҭан апарк ӡылеи фымцалашаралеи аиқәыршәара. Ҳаамҭа иақәшәо аинфраструктура аиҿкаара адагьы иазыԥхьагәаҭоуп аҵиаақәа рацәаны реиҭаҳара, аӡҭарчқәа аԥсыӡ рҭаҵара.