"Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара шыҟало азы агәҽанҵара ҟанаҵеит

© Sputnik / Акоп Кущян Свечка
Свечка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабранмзазы уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны рхы иадырхәо афымцамч 8,3 миллион киловатт еиҳамзароуп.

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Ахьҭақәа рыҟазаараан афымцацәаҳәақәа ирықәлаз ахьанҭарақәа ирхырҟьаны астанциа маҷқәа рҿы авариақәа ҟамларцаз аамҭалатәи аԥкырақәа алагалахоит ҳәа адырра ҟанаҵоит "Амшынеиқәафымцамч".

Лампочка - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиуразы ауал ақәуп

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп ахьҭақәеи урҭ ирыдҳәало ахархәара ҳараки авариақәа рахь ишкылыргахьо. Иара убасгьы иҳәоуп АУН "Амшынеиқәафымцамч"  амаҵзурақәа зегьы иҷыдоу арежим ахь ишиаго аштатнҭыҵтә ҭагылазаашьа аԥырҟәҟәааразы.

Уаанӡа, Аԥсны рхы иадырхәо афымцамч 8,3 миллион киловатт еиҳамзароуп ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа аиҳабыра рлахәылацәа, араионқәа рхадацәа, "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара, Апрокуратура хада, Аԥсны ААР рхаҭарнакцәа злахәыз аилацәажәараҿы жәабран 16 рзы.

Бжьаниа иазгәеиҭеит имоу аинформациала атәылаҿ афымцамч ахархәара еизҳауа ишалагаз. Убри аан уи зегьы ахьҭақәа рыҟалара иузақәҵом.

Ажьырныҳәа 23 раахыс Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аус руеит закәаншьаҭада афымцамч ахархәара аԥзырҟәҟәаауа аоперативтә штабқәа.

Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсны Урыстәылантәи алашара аиура иалагеит, убри аан ажьырныҳәа 20 рҟынӡа Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа ЕгрыГЕС аҟынтәи ироуан алашара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0