АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Жәабран 21 рзы ӡыда иаанхоит Аҟәа ахәҭақәа ҩба ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".
Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа Турбаза араиони Ҷанба имҩеи.
Уаанӡа АУН "Аӡыканал" Sputnik иазеиҭарҳәахьан Аҟәа аӡрыжәтә азы апроблема аӡбаразы аӡымҩангагақәеи, аӡыҭгагатә станциақәеи, аӡеизакырҭақәеи зегьы комплексла ишыӡбатәу.
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 260-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 20-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 43-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 14-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 12-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 14-ҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12745-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12097-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 196-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
"Аремонттә усурақәа ирзоурыжьран иҟоуп 3 миллионки 500 нызқь мааҭи. Урҭ аԥарақәа ҳарзыԥшуп. Апроект ала аџьармыкьа аартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон. Уажәы ахәаахәҭразы аџьармыкьахь иааиуа ауаа маҷуп. Иахьықәгыло ыҟаӡам, ақәа леи, асы леи, адәы иқәгылазароуп. Бедиа ибгаз амҩа иахҟьаны аџьармыкьаҿы ахәаахәҭыҩцәа агхеит. Уажәы ауаа адәахьы ихәаахәҭуеит, астолқәа ргыланы ирымоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.