Sputnik амчыбжь: ашколқәа раартра, Гәдоуҭатәи абылра, Аԥсуа уахәама алахьынҵа

© Sputnik / Леон Адлейба Открытие школ после карантина
Открытие школ после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 15-21 рзтәи ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.

Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟалаз амцакраан ҩыџьа ахәыҷқәа ҭахеит, Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадеи ихаҭыԥуаҩи рганахьала аусҭҵаара хацыркуп, Аԥсны ацитрусқәа ралгаразы арекорд шьақәнаргылеит, акоронавирустә пандемиа аиқәтәара иалагеит, аиашахаҵаратә уахәамақәа рҿы амаҵзурақәа аанкылахоит – абарҭи егьырҭи ажәабжьқәа Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

Акоронавирус акәша-мыкәша

Акоронавирус макьана иаиааим, аха маҷ-маҷ аҽхьанакуа иалагеит. Уи иалнаршеит ашколқәа рҿы аҵара алагара. Жәабран 15 рзы азин ҟаҵан ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә школқәеи русура. Классқәак: ашәахьа-ахаша иныҟәалоит, егьырҭ - аԥшьаша-асабша.

Открытие школ после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Аҵара азыхынҳәра: Аԥсны ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи аусура иалагеит

Жәабран 3 рзы атәыла ахада инарҭбааз аилацәажәара анымҩаԥигоз, Аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит шәкы рҟынӡа школ аусура ралагара ишазыхиоу.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала жәабран 15 2021 шықәса инаркны аԥснытәи ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә школқәеи рҵаратә усура еиҭахацдыркуеит. Жәабран 22 инаркны ашкол ахь инеиуеит 5 – 11 аклассқәа.

Жәабран 15 инаркны аусура иалагоит атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа – дара зегьы асанитартә нормақәа ирықәныҟәалароуп.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауарҭарсгақәа хәба акоронавирус ахәышәтәра знапы иану ахәышәтәырҭақәа рзы. Аппаратқәа хԥа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭахь ирырҭоит, ҩба – Гагратәи Араионтә хәышәтәырҭа хада.

Новый аппарат для ИВЛ - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Аԥсны амедусҳәарҭақәа ИВЛ аппаратқәеи ПЦР-хархәагақәеи рырҭоит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит ПЦР-хархәагақәа Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы ҩ-лабораториак рзы.

ИВЛ аппаратқәа 9 миллионки 900 нызқьмааҭ иаԥсоуп, ПЦР-хархәагақәа–11,5 миллион мааҭ рықәырӡуп.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ажьырныҳәа 8 раахыс акоронавирустә инфекциаҟынтәи Москва Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр аҿы иҽихәышәтәуеит. Иахьазы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб игәабзиара аиӷьхарахь ахы археит. Иара аинтенсивтә терапиа апалатаҟынтә астационар ахь диаргеит ареабилитациатә курс амҩаԥгаразы.

Ахада инапынҵақәеи аиԥыларақәеи

Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русура хра амазарц азы ауснагӡатәқәа аус рыдызуло аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥигеит жәабран 15 рзы.

Машина ДПС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит азинхьчаратә усбарҭақәа хра рымазарц азы аусура мҩаԥыргарц

Аслан Бжьаниа азиндырыҩцәеи азинхьчаҩцәеи рнапы ианиҵеит иҟоу анорматив-зинтә актқәа реиҭакразы ажәалагалақәа еинырны иаздырхиарц, ареспублика азинхьчаратәи аӡбарҭатәи системақәа русура аиӷьтәразы.

"Ашьаустә закәанеидкылаҿ аус зымуа ахәҭаҷқәа рыҟазаара иаԥсам. Аиҳаракгьы абарҭ ахәҭаҷқәа ацәгьоурақәа анрыҵаркуа. Изаҳҭахузеи аус зымуа ахәҭаҷқәа?" - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Иара аҭҵаарадырратә еилазаарахь аҳәара ҟаиҵеит арҭ ахәҭаҷқәа аредакциа ҿыц рзыҟарҵарц.

Ахәаша, жәабран 19 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аинвацхыраара Ассоциациа ахантәаҩы Алхас Тхагушеви аиԥылара рыман.

"Ари ашықәс ҳара амҩаҿ ашәарҭадара атема иазаҳкыр ҳҭахуп. Ҳаиҿкаараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аусурақәа мҩаԥысуеит абри ахырхарҭала. Иԥсыз ртәы анаҳҳәо аахақәа змоу аваҳажьлоит. Ирацәаҩуп ҳцентр ахь инеиуа, ирацәаҩуп иинвалидны инхо", - ҳәа иҳәеит Тхагушев.

Иара иҳәеит ахада ишидигало апроблема аӡбаразы аидеиақәеи аконцепциеи.

Ахада иҳәеит ассоциациа аԥшьгамҭақәа зегьы адгылара шриҭо абри азҵаараҿы.

Иара убасгьы аиԥылара рыман ахада Аслан Бжьаниеи аомбудсмен Асида Шьаҟрылԥҳаи. Дара алацәажәеит атәылауаа рзинқәа рыхьчара азҵаара, амаҵзурауаа азакәан рықәныҟәара азҵаара.

Шьаҟрылԥҳа лажәақәа рыла, ачынуаа азакәан еиларгоит аха убри аан аҭакԥхықәра рыдлом. Бжьаниа уи аҭакс иҳәеит атәылауаа рзинқәа Аԥсны Аконституциаҿ ишарбо, урҭ рыхьчара анапхгара рнапы ишану. Иҳәеит аиҿкаара аусура ҷыдала ахылаԥшра шаҭахо.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахьала аусҭҵаара

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахь ала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада аинформациала ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи, ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи, анаплакҩы Аслан Цкәуеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны Цкәуа хнырҳәрада иҭан ареагентқәа, ареспубликатә биуџьет аԥарақәа - 1 262 456 мааҭ рыхә ала иаахәаз. Ареагентқәа ахәышәтәырҭа апациентцәа алабораториатә маҵзура рыҭаразы хәԥсала ахархәара рыҭан.

Жәабран 15 рзы имҩаԥган аҳәынҭқарратәи азинтәи политиказ апарламенттә еилакы аилатәара, Гәыргәлиеи Воубеи раанкыларазы азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьаз атәыла амедицинатә еилазаара ахадеи Апарламенти рахь ашәҟәы анынарышьҭ ашьҭахь.

Иара убри амш азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы иазыӡырҩын Апполон Гәыргәлиеи Георги Воубеи рдукатцәа рышшыԥхьыӡ, Апрокуратура хада аӡсҭҵааҩ Наур Қриа ашьаус хацырктәуп ҳәа идикылаз ақәҵара аганахьала.

Жәабран 16 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, Екатерина Ҭырқьԥҳа зхантәаҩраҿы дыҟаз, Апполон Гәыргәлиеи, Георги Воубеи, Аслан Цкәуеи рганахьала аусҭҵаара азакәаншьаҭа амоуп ҳәа азгәарҭеит.

Бедиа адгьылҳәазара

Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа. Аҭаацәарақәа ҩба хыҵакырҭада иаанхеит.

Кристина Озган жәабран 16 рзы Бедиа ду ахь днеит Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа, Бедиа ду ахада Џьумбер Харчлаа, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Агрба, "Аҟәарахьчара" аиҳабы Гурам Ҳаразиа лыцны адгьыл ахьыҳәазаз аҭыԥ абаразы.

Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп

Бедиа ду ахада Џьумбер Харчилаа иажәақәа рыла аҭагылазаашьа еицәамхозар еиӷьхом.

"Аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит. Амҩа шьапылаҵәҟьагьы узанымсыртә иҟоуп. Ишәарҭахеит. Аҿҟьара ахьыҟоу иаанхаз амҩагьы леир ауеит. Ауаа иҟарҵара рыздырам, ирыцхраап ҳәа иԥшуп", - ҳәа иҳәеит Харчлаа.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсны акапиталтә ргылараз Аусбарҭеи агеологиеи, агеодезиеи акартографиеи Русбарҭеи рнапы ианылҵеит Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа радрыԥхьалара азҵаара аус адыруыларц. Иара убасгьы Кристина Озган "Аҟәарахьчара" аиҳабы Гурам Ҳаразиа инапы ианылҵеит Бедиеи Тҟәарчали рыбжьара аамҭалатәи асхемала аимадараз ажәадгалақәа азырхиазарц.

Адгьылхархәареи акадастри рзы аусбарҭа аиҳабы Адамыр Аҳәба иазиԥхьаӡоит амҩа аиҭашьақәыргылара ишыҟаз ала иамур ҟалап ҳәа. Амҩа даҽаџьара аԥҟара ақәшәоит ҳәа ҳахәаԥшуеит, амҩа даара иҳәазеит. Ари аԥсабара иарҿиаз усуп. Иаалырҟьаны аус арҽеиразы ак ҟасҵоит ҳәа уалагаргьы иалҵӡом. Апроект ҟаҵатәуп, иҭҵаатәуп. Уналаԥалан иузыҟаҵаӡом ҳәа иҳәоит иара.

"Аҟәарахьчара" аиҳабы Гурам Ҳаразиа иахьазы ацҳа ахҵарада аҽак узыҟаҵом ҳәа иҳәоит. Ус анакәымха, ақыҭауаа Тҟәарчалҟа анеиразы 75 километра иахыкәшаны ицалароуп.

Гәдоуҭа абылра ҟалеит

Жәабран 19 рзы Гәдоуҭа ақалақь Очамчыратәи амҩаҿы игылоу асасааирҭа амца шакыз азы АҶАхь адырра ҟалеит 17 сааҭ 10 минуҭ рзы.

Пожар в Гудауте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Гәдоуҭа ақалақь аҿы асасааирҭа амца акит, иалаблит ҩыџьа ахәыҷқәа

Амцарцәаҩцәа анааиз аамҭазы ахыбра аихагылақәа реиҳарак амца ркхьан ҳәа аҳәоит аусбарҭа иҟанаҵаз аинформациаҿы.

Амцарцәара иалахәын Гәдоуҭа ақалақь амцарцәаратә ҟәша агәыԥқәа хԥа.

Амца зкыз асасааирҭа арцәараан иалыргеит 2018 шықәсази 2020 шықәсази ииз ахәыҷқәа рыԥсыбаҩқәа.

Аԥсны аиҳабыра ишазыхиоу амца иалаблыз рыԥсыбаҩқәа Урыстәылаҟа рнагаразы аусмҩаԥгатәқәа зегьы ахахьы иагар шалшо азы адырра ҟарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭахь.

Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Баграт Боџьгәуа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амцакраан ааха шлоуз 20 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳа. Лара Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днагоуп.

Аенергокризис шыҟац иҟоуп

"Амшынеиқәафымцамч" аинформациала атәылаҿы ахьҭақәа рыҟалара инадҳәаланы афымцамчхара ахархәара иазҳаит.

Свечка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
"Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара шыҟало азы агәҽанҵара ҟанаҵеит

Амаҵзура аусзуҩцәа зегьы аштат ҷыдала русура шьақәыргылоуп.

Уаанӡа, 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәуп ҳәа лҳәеит абрифинг аҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Ԥхынҷкәын 11 2020 шықәсазы афымцалашара аара ианалагозгьы 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәын, уи адагьы ишәамызт 2019 шықәсазтәи 190 миллион мааҭ.

Аԥсуа уахәама алахьынҵа

Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ауахәамақәа рҿы Анцәа имҵаныҳәарақәа аамҭала ишаанкылоу Аԥсуа уахәама астатус еилкаахаанӡа. Убри аан аҭааҩцәа рзы ашәқәа аартуп.

Аиереи даҽазныкгьы иргәалаиршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан, 1943 шықәсазы, ақырҭуа мчрақәа Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама Ақырҭуа иашахаҵаратә уахәама ишаларҵаз азеиԥшуахәаматә аканонтә еизара ҳәа ак ҟамҵакәа.

Аԥлиа иҳәеит аԥсуа ныхамаҵзуҩцәа рканонтә статус анҳәаақәҵахалак ашьҭахь, даргьы Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама амаҵ аурахьы ишнеиуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0