Аҟазауаа Бедиа ду иҟалаз адгьылҳәазара зыхҟьаз ҭырҵаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОбвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района
Обвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа. Аҭаацәарақәа ҩба хыҵакырҭада иаанхеит.

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭнапхгара Бедиа ду аҿы адгьыл аҳәазара аццакыра ҭырҵаауа иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа аиҳабы Адамыр Аҳәба.

Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп

Иара иажәақәа рыла аусурақәа ирылаган жәабран 20 рзы.

"Иҳәазаз адгьыл узалакьысуам. Аҩадахьала аӡы адгатәуп. Уаҵәырнахыс аусурақәа ирылагоит. Атехника адгалам. Иҳәазаз адгьыл уалакьысыр еиҳау апроблемахь икылнагар ҟалоит",- иҳәеит иара.

Аусурақәа ирыдыԥхьалоуп Аԥсны АҶА, "Аԥсныҟәарахьчара" аусзуҩцәа. Заҟа аамҭа иадхало еилкаам, аҳауатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахогьы иадҳәалоуп ҳәа иҳәоит Аҳәба.

Аҳәынҭқарратә усбарҭа "Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит жәабран 18 рзы Аекономика аминистрраҿы аилацәажәара ашьаҭала Бедиеи Тҟәарчали рыбжьара амҩа ҿыц аҟаҵаразы апроект аиқәыршәара ишалагаз, ацҳақәа ҩба шыхҵатәу.

"Урыстәылатәи аспециалистцәа ааганы ирацәажәароуп. Ҳара иҳаду апроекти уи ахәԥсеи хәымш рыла реиқәыршәароуп, нас агәаҭарақәа ҳархысроуп. Ҳусзуҩцәа апроекти аԥхьаӡаразы аусурақәа ирылагахьеит, ари амчыбжь азы ихдыркәшароуп. Ҳара ҳахиоуп аусура, амшқәа шааилгалак иаҭаххар атехника ҳаманы ҳдәықәлоит", - иҳәеит иара.

Адамур Ахуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Арадио
Аҳәба: Аԥсны адгьылҳәазарақәа рацәоуп, аҩны аргыларазы аҭҵаарақәа мҩаԥгатәуп

Тәанба иажәақәа рыла аусурақәа 15 миллион мааҭ ргоит. Амҩа ҿыц аҟаҵаразы 700-800 метра ашьха ҿыцәаатәуп, ауааи амашьынақәеи ицо-иаауа иҟаҵатәуп.

Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа.

Жәабран 16 рзы аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсны Акапиталтә ргылараз аусбарҭеи Агеологиа, агеодезиеи, акартографиеи русбарҭа анапы ианылҵеит Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа радрыԥхьалара азҵаара аус адыруларц.

Аминистр иара убасгьы "Аԥсныҟәарахьчара" анапы ианылҵеит аамҭалатәи асхемала Бедиеи Тҟәарчали реимадара шьақәдыргыларц.

Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асаоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0