АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аиустициа аминистрраҿ ахатәнаплакыҩцәеи аиурист хаҿқәеи рзы адыррақәа аелектронтә версиахь ииагоуп, иаԥырҵеит иаку ашәҟәынҵа ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Аиустициа аминистр Анри Барцыц иажәақәа рыла ашәҟәынҵа аԥҵаразы апрограммақәа хԥа рҟынтәи ҩ-программак нагӡоуп. Уажәы ахԥатәи апрограмма аганахь ала аусурақәа ирҿуп. Уи иаку аграждантә ҭагылазаашьеи анотариалтә усқәеи рҭаҩратә актқәа иаку рыплатформоуп.
"Аилкаара ҳамоуп анорматив-зинтә база ахаҭабзиара аиӷьтәра шхымԥадатәиу азы. Иаԥҵатәуп ацифратә ресурсқәа рыцхыраарала азинтә механизмқәа. Уи инақәыршәаны аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәа ирыдҵаало атәылауаа аҳәынҭмаҵзурақәа роуразы аҭагылазаашьа маншәалақәа рзышьақәгылоит", - аминистр иажәақәа аанагоит амаҵзура.
Барцыц иҳәеит, хара имгакәа Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи анаплакыҩцәа аминистрра аппарат хадахьы имаалар ҟалоит иаку ашәҟәынҵа аҟынтәи алҩаа аиуразы. Уи азы иаҭаххо рхатә дыррақәа ахьарбо аформа ахарҭәаара мацара акәхоит.
Аелектронтә дырранҵаҿы аминистр инапынҵамҭа ацынхәрас иқәыргылахоит QR-код. Анаҩс, уи абанк аҿтәи аоперационист асканер иахыжьны адокумент аиашара шьақәирӷәӷәоит.
Аминистр иҳәеит аус ишадгалаз аҟазауаа ҿарацәа, волонтиорцәак раҳасабала – астудентцәа.
Имҩаԥган 24 нызқьҩык анаплакыҩцәеи быжь-нызқьҩык аиурист хаҿқәеи рзы адыррақәа аелектронтә версиахь ииагоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Шә-тоннак рҟынӡа амимоза Аԥснынтә Урыстәылаҟа иаларгалахьеит жәабранмза иалагӡаны ҳәа аанацҳауеит "Вести-Сочи".
Иааиуа амшқәа рзы иазԥхьагәаҭоуп даҽа шә-тоннак аекспорт. Анаплакыҩцәа 200 тонна рекспорт азы адокументқәа азырхианы инарышьҭхьеит.
Аиҳарак ашәҭ аҭира хәажәкырамза иақәшәоит. Урыстәылаҟа коммерциатә хықәкала ашәҭ алагалараан ашәҟәы иҭагалатәуп. Закәаншьаҭада аиагараан ахараԥса ддыршәоит. 15 ҿаҳәара еиҳаны аҳәаа иахызго ртауар ашәҟәы иҭаргалароуп.
Амимоза аҳәаа ахыгаразы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟынтә асертификати афито-санитартә хылаԥшра асертификати аҭахуп.
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа административтә зинеилагара ҳәа жәаа-уск хацдыркхьеит, иаԥырҟәҟәаан тоннаки бжаки аҟынӡа амимоза закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амимозаз аҵарҭышагара зҭахыз аинспекторцәа рганахьала ашьаус хацыркуп
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Сабша-мҽышала узынхаӡом" – ақыҭа ԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа ртәы