АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. UFC ачемпион Хабиб Нурмагомедов Аԥсныҟа аара игәҭакуп аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шааҭышәынтәалаз. Абри атәы Facebook аҿтәи идаҟьаҿы иҩит "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" рфонд адиректор Едгар Ӷәазаа.
Иара иажәақәа рыла Нурмагомедов игәҭакуп аҟазаратә-класс аспортсменцәа рзы амҩаԥгареи Аԥсны анапхгара рԥылареи.
Нурмагомедов Аԥсныҟа иааразы ипланқәа ирылацәажәеит "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" ашьаҭаркыҩцәа иреиуоу Инал Арӡынбеи иареи.
"Нурмагомедов Аԥсны аҿар ирзеиӷьеишьоит абзиарақәа, аспорт аҿы еиҵагыло – ақәҿиарақәа",- ҳәа азгәеиҭеит Едгар Ӷәазаа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхырааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь амедусзуҩцәа гәык-ԥсык ала русураз, рыцхыраараз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Агоспиталь аиҳаб иакәзар, уи аҭакс ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аҳақьымцәа русуразы ирзыҟаҵаз аиҿкаара. Ахада агоспиталь аиҳабы ианеишьеит аҳаҭыртә шәҟәыбӷьыц, агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшо иҟан.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит жьҭаара 19 рзы, адырҩаҽны аусурагьы иалагеит.
Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.
Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Двинианин амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа риҭеит
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Шә-тоннак рҟынӡа амимоза Аԥснынтә Урыстәылаҟа иаларгалахьеит жәабранмза иалагӡаны ҳәа аанацҳауеит "Вести-Сочи".
Иааиуа амшқәа рзы иазԥхьагәаҭоуп даҽа шә-тоннак аекспорт. Анаплакыҩцәа 200 тонна рекспорт азы адокументқәа азырхианы инарышьҭхьеит.
Аиҳарак ашәҭ аҭира хәажәкырамза иақәшәоит. Урыстәылаҟа коммерциатә хықәкала ашәҭ алагалараан ашәҟәы иҭагалатәуп. Закәаншьаҭада аиагараан ахараԥса ддыршәоит. 15 ҿаҳәара еиҳаны аҳәаа иахызго ртауар ашәҟәы иҭаргалароуп.
Амимоза аҳәаа ахыгаразы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟынтә асертификати афито-санитартә хылаԥшра асертификати аҭахуп.
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа административтә зинеилагара ҳәа жәаа-уск хацдыркхьеит, иаԥырҟәҟәаан тоннаки бжаки аҟынӡа амимоза закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амимозаз аҵарҭышагара зҭахыз аинспекторцәа рганахьала ашьаус хацыркуп