АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Витали Шариа иажәабжьқәа ҩба ркьыԥхьит Аахыҵ Уаԥстәыла иҭрыжьуа алитература-сахьаркыратә журнал "Фидиуаг" ("Ажәабжьҳәаҩ") аҿы.
"Уажәы ҩынтәуп ауаԥс бызшәахь сажәабжьқәа еиҭаргоижьҭеи. Уаанӡа, иара абри ажурнал аҿы аҽа ажәабжькгьы ркьыԥхьхьан. Иара убасгьы аерман бызшәахь еиҭаргахьан уажәы ажурнал "Фидиуаг" аҿы иркьыԥхьаз ажәабжь "Аминаҵхҩы игха". Аерман бызшәахь еиҭеигеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Артавазд Сарециан", - иҳәоит Витали Шариа.
"Марика" ауаԥс бызшәахь еиҭалгеит ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы Асиат Наниева, "Аминаҵхҩы игха" – апрозаик Алан Остаев. Аԥхьажәа иҩит Аахыҵ Уаԥстәыла ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Батрадз Харебов.
"Батрадз Харебовы сареи аибашьраан ҳаибадырит. Уи аахыс лассы-лассы ҳаинырлоит. Сышәҟәы "Букет Абхазии" ҳамҭас ианисҭа, аҭыԥантәи алитераторцәа ирыдигалеит ажәабжь еиҭаргарц", - иҳәоит ашәҟәыҩҩы.
Витали Шариа ауаԥс бызшәахь еиҭаргаз иҩымҭақәа дрылацәажәеит. Ажәабжь "Аминаҵхҩы игха" 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьра ахҭысқәа руак шьаҭас иамоуп.
"Аибашьраан аҭыԥ змаз ахҭыс, аибашьцәа руаӡәк амина дақәгылт. Ари аҩыза аминақәа урықәҵыр, иласхар ауп ианыԥжәо. Сара ахҭыс маҷк еиҭаскит: аибашьҩы қәыԥш амина даӷрагылазшәа ибеит. Акыр сааҭ деиҭаҵуам. Нас ауп ианеиликаа дзықәгылаз шминамыз. Аха ихахәы урҭ асааҭқәа рыла ашлара аланаԥсеит", - иҳәоит автор.
Аҩбатәи ажәабжьгьы аибашьра иадҳәалоуп, атематика аҽакызаргьы, иҳәеит Шариа.
"Аԥҳәыс қәыԥш лхаҿы – еизгоу хаҿуп. Марттәи ажәылараан бзиа илбоз ауаҩы дҭахоит. Аибашьра ашьҭахь ашәҭқәа лыманы дахьжу аҭыԥ ахь днеиуеит, аха данцо лышәҭқәа агәыларатә нышәынҭра агәы иқәылҵоит, избанзар илдыруеит ари ауаҩ иԥшәмаԥҳәыс дааир шалшо. Илҭахым лара арахь лааира џьара иакәым цәажәарак ахылҿиаар", - иҳәоит иара.
Аҩымҭақәа еиуеиԥшым ахҭысқәа, агәҭахәыцрақәа, агәалашәарақәа ирылхуп. Шариа игәаанагарала алитераторцәа рыбжьара аимадара ыҟазарц аԥсуа журналқәа рҿгьы икьыԥхьлатәуп ауаԥс шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа реиҭагақәа.
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Бенур Қәираиа иумҭа ахәшьара аҭаразы Апарламент адепутатцәа рыҿцәажәаразы инеиит.
Аделегатцәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аиҳабы Ҭимур Гәлиа, АУЕ "Аруаа" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ҭемур Надараиа, апартиа "Аԥсны" аиҳабы Витали Габниа, Жәлар ракзаара Афорум аиҳабы Аслан Барцыц.
Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ааԥхьара ҟанаҵеит ачынуаа Қырҭтәыла рцара згәы амырҭынчуа зегьы еизарц азы.
Абри ашьҭахь Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз рҟынтәи ҩышәҩык рҟынӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахыбрахь инеиит адепутатцәа ирыҿцәажәарц уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ Бенур Қәираиа Қырҭтәыла иҟазаара иазкны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз рҟынтәи ҩышәҩык рҟынӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахыбрахь инеиит адепутатцәа ирыҿцәажәарц уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ Бенур Қәираиа Қырҭтәыла иҟазаара иазкны.
Адепутатцәеи дареи реицәажәара ашьҭахь ахада иахь инеиит гәыԥк.
Уаанӡа аопоззициатә партиақәа рхаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵахьан Бенур Қәираиа ԥхьатәара ицаразы адҵа шыҟаҵахо азы. Убри аан ахада Иусбарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит Қвираиа жәабран 19 рзы инапынҵақәа шьҭеиҵеит ҳәа.
Амитинг иалахәыз рыбжьқәа дыргон Бенур Қвираиа Қырҭтәыла аҩызара аполитика дадгылаҩызар, уахь дцарц.
Апарламент аҿаԥхьа иара убасгьы еизоит аоппозициатә мчрақәа рхаҭарнакцәа.
Ахыбра аҩналарҭа рыхьчоит азинхьчаратә усбарҭақәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: