Бжьаниа Путин Аԥсны аҭынчра аиқәырхараҿ илагалаз ҭабуп ҳәа иеиҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукФлаги Абхазии и России
Флаги Абхазии и России - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 23 рзы Урыстәылеи ИАР атәылақәа жәпаки рҿы иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш. Аныҳәа шьаҭаркын 1922 шықәсазы.

АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш идиныҳәалеит, Аԥсны аҭынчра аиқәырхараҿ илагалаз ҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2021
Аԥсны ахада Урыстәылеи Аԥсни рырратә усеицура аҵак ду шамоу иҳәеит

"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш! Зеиӷьыҟам ари аныҳәа фырхаҵареи хьӡи-ԥшеи згым Урыстәыла аҭоурых, урыстәылатәи ар апатриотизмреи уи ажәлар ракреи ирсимволуп. Жәабран 23 рзы ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит агәаӷьра злаз, зхы иамеигӡоз, доуҳала иӷәӷәаз, зыԥсҭазаара Аҧсадгьыл ахьчара иазызкыз, ауаажәларра рҭынч ԥсҭазаара зыхьчо ауаа. Аԥсны жәлар урыстәылатәи архәҭақәа, иара убас, хаҭала Шәара, иҭабуп ҳәа шәарҳәоит ҳадгьыл аҿы аҭынчра ахьчаразы шәылшамҭақәа рзы", - аҳәоит Аслан Бжьаниа идныҳәалараҿы.

Урыстәылеи ҳареи иҳабжьоу арра-техникатә усеицура Аԥсны анапхгара еиҳа ԥыжәара зырҭо ахырхарҭақәа ируакуп ҳәа иҳәеит ахада.

Абри аныҳәамш азы, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, милаҭрацәала Урыстәыла иқәынхо ажәлар рымаҵ аураҿы аԥхьаҟагьы аихьӡарақәа ҳәа иҩуеит Аслан Бжьаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0