Хә-миллиард мааҭ еиҳаны 2020 шықәсазы ахатәхаҿқәа Аԥснынтәи ииаргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДеньги
Деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2021
Анапаҵаҩра
Бжьаратәла ахатәхаҿқәа Аԥснынтә аҳәаанырцәҟа ииаргон 26 000 мааҭ, 2020 шықәсазы ииаргоз 21,9 нызқьмааҭ артәеит.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Хә-миллиард мааҭ еиҳаны ахатәхаҿқәа Аԥснынтәи ииаргеит 2020 шықәсазы аҳәаанырцә ааигәеи аҳәаанырцә хареи рахь аԥараиагаратә системақәа - "Contact", "Золотая Корона", "Юнистрим" ала ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Абанк асаит.

Арҭ арбагақәа 0,6% рыла еиҵоуп 2019 шықәсазы аасҭа.

Эмиссия карт национальной платежной системы Мир началась в России. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2021
Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа Аԥсны ҵыԥх аасҭа сынтәа аоперациақәа еиҳаны имҩаԥыргеит

Урыстәылаҟа ииаган 4 миллиардки 352 миллион мааҭи, ма 80,0% ииагаз зегь рахьынтәи.

Абжьаратә Азиаҟа ииаган 2020 шықәсазы 596,8 миллион мааҭ. Ари ииагаз аҟынтә 11,0% ҟалоит: Узбекисҭан – 450,7 миллион (8,3%), Таџьикисҭан – 141,3 миллион (2,6%).

Ҭырқәтәылаҟа ииагоу аԥара 2020 шықәсазы иартәеит 358,4 миллион мааҭ, ма 4,6%.

Убри аан 2020 Аԥсныҟа ахатәхаҿқәа ииаргеит аԥхьаӡамҭақәа аамыртыкәа 932,3 миллион мааҭ. 2019 шықәса иаҿырԥшны 1,2% рыла еиҳахеит.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаашьҭын 856,1 миллион мааҭ, ма 91,8% аашьҭымҭақәа зегь рҟынтәи, ИАР атәылақәа рҟынтәи - 41,0 миллион мааҭ ма 4,4%.

Аиҳарак ахатәхаҿқәа рхы иадырхәоит аԥараиагаратә система "Contact" (80,0%) Аԥснынтә аԥараиагараан.

Аԥсныҟа аԥараиагараан ахархәара еиҳа иарҭоит асистема "Золотая Корона".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0