Пицундантәи ареспубликатә мҩаду аҟынӡа амҩа аремонт хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукУкладка дорожного полотна
Укладка дорожного полотна - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Анапаҵаҩра
Пицундантәи ареспубликатә мҩаду ахь уназго амҩа аремонт иалаган Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020 шықәса абҵарамзазы. Иазоужьын 80 миллион мааҭ.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицундантәи ареспубликатә мҩаду ахь уназго амҩа аремонт иалгеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа атехникатә хылаԥшра амаҵзура анџьныр Дикран Хынҭәба.

"Жәабран 27 рзы инаӡеит ареспубликатә мҩаду аҟынӡа", - иҳәеит иара.

Уаанӡа Пицундатәи амҩа аремонт аанкылан иҟан аҳауатә ҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент аинтервиу иҭо Дикран Хынҭәба.

Пицундантәи ареспубликатә мҩаду ахь уназго амҩа аремонт иалаган Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020 шықәса абҵарамзазы. Иазоужьын 80 миллион мааҭ.

Аусурақәа мҩаԥнагон "Амҩа-ргыларатә комбинат", ахылаԥшра ҟанаҵон Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0