Пицунда амшын аԥшаҳәаҿы аԥсаатә ԥсны ирбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПустая Пицунда
Пустая Пицунда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Пицунда амшын аԥшаҳәаҿы аԥсаатә ԥсны иахьаныз авидео цәырҵит асоциалтә ҳа Instagram аҿы хәажәкыра 1 азы. Массала сынтәатәи аӡынразы аԥсаатә ҭахеит Краснодартәи атәылаҿацәи Ҟрыми рҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны амшын аԥшаҳәаҿ массала аԥсаатә рҭахара иакымкәа афакторқәа амазар ҟалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ, аорнитолог Виктор Маланӡиа.

Маланӡиа иҳәеит авидео акадрқәа рҿы ишубо чомги, ма "большая поганка" ҳәа изышьҭоу аҵарақәа.

"Амзызқәа ируакхар ҟалоит аԥсабара аҟьашьра, аҿкчымазарақәа. Ажәакала – иҷыдоу аҭагылазаашьақәа. Аха афотосахьақәа рҿы иубо ҵыс хкык ауп – чомга. Уи аԥсра амшын аҟьашьра шамзызым унарбоит, избанзар егьырҭ аԥсаатәқәагьы ԥсуан. Уи анаҩсгьы иубарҭоуп рхәы шыцқьоу, анефҭаалыҵ ишаҟьашьым", - ҳәа иҳәоит Маланӡиа.

Аҵарауаҩ игәаанагарала, аԥсаатәқәа рыԥсра амлакроуп изыхҟьаз.

"Аӡын ԥхарран. Аԥсаатә рацәаны Ҟәбан иаанхеит. Ахьҭақәа аныҟала амшын рхы ақәыркит. Иҟалап иҭахаз аԥсаатә ԥсыҽзар, афатә рмоузар. Арҭ афакторқәа зегьы еилалан амшын аҿы иҭахазар ҟалоит. Нас амшын ацәқәырԥа аԥшаҳәахьы икылыргеит. Амшын ҭынчзар, зынӡа иаҳзымдырыргьы ҟалон иҟалаз", - ҳәа иҳәоит аорнитолог.

Чомга аиҳарак акамшьиа ауп фатәыс иамоу. Сынтәа Аԥсны иахьаҵанакуа акамшьиа акыр имаҷын, иҟоу ракәзаргьы, аҵаулараҿы иӡсо роуп.

Иара убасгьы иҳәеит иҟалаз зыхҟьаз аилкааразы анализқәа ҟаҵатәуп ҳәа.

Аҭагылазаашьа аекосистема, аԥсаатә жәла аҟазаара, аԥсабара ирԥырхагамкәаны дахәаԥшуеит аҵарауаҩ.

"Ҳауниверситет ааигәара амшын аԥшаҳәаҿ аимдара мҩаԥызгоит. Аҵарақәа рыԥсыбаҩ збар, дәахьыла иҭысҵаауеит. Амла иакыз иаразнакы иубарҭахоит. Ус анакәымха, егьырҭ амзызқәа ҭҵаатәуп", - ҳәа иҳәеит Маланӡиа.

Аӡынраамҭаз аԥсаатә рҭахара лассы-лассы аҭыԥ аиуеит ҳәа иҳәоит Маланӡиа. Ари аҵысжәла ауаҩытәыҩса изы хәарҭара алам, аха иара аекосистема иахәҭакуп. XIX–ХХ ашәышықәсақәа рзы иара аҵысхә иалхны аҳәса рхылԥақәа ҟарҵон. Уи еиҳа иалыркаауан аԥшшәеилаԥсарази иахьымбааӡоз ази.

Чомги Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы исасцәам, Аԥсынгьы хыԥхьаӡара рацәала иуԥылоит. Ԥшрала акәатақәа иреиԥшуп, аха ржьы афҩы ҷыда амоуп, агьамагь ҷыдоуп азы, иреишәарыцом.

Sputnik Ермантәыла адыррала жәабран 16 2021 шықәсазы Ҟрыми Гьеленџьики иахьрыҵаркуа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы массала аԥсаатәи амшынҳәақәеи рҭахара азгәаҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0