Аомбудсмен ахада иахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы аԥкырақәа рзы

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аркын хәажәкыра 14 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба иусдҵала, Қырҭтәыла акоронавирустә инфекциа COVID-19 зцәа иалаз рырацәара иахырҟьаны.

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчараз азинмчра змоу Асида Шьаҟрылԥҳа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь аҳәара ҟалҵеит аԥсуа-қырҭуа ҳәааҿы аԥкырақәа ррежим аԥыхразы, ауаҩытәыҩса изинқәа рықәныҟәара азыԥхьагәаҭаны.

Аԥсуа-қырҭуа, аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәаақәа аркын акоронавирустә инфекциа апандемиа ианалага инаркны ареспублика аҵакырахь ачымазара алалара алмыршаразы. Аомбудсмен лгәаанагарала ари асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иақәшәон.

 Рустам Латипов - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2020
Арадио
Латипов Егры аӡиас ала агуманиратә коридор азы: ганкахьы ауп аус ахьауа

2020 шықәса нанҳәамзазы ирыдыркылаеит аӡбра аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы аҳәаа аусура аиҭалагараз, убри аан аԥсуа-қырҭуа ҳәаа ахысра макьанагьы ауадаҩрақәа аманы иҟоуп ҳәа азгәалҭоит азинхьчаҩ.

"Ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчаразы иалагалоу аԥкырақәа иҟоу ашәарҭара иахьырԥшызароуп. Иахьазы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҿуп, иҟоу аԥкырақәагьы еиҳа ирԥсыҽуп. Ус шакәугьы аҳәаа ахьарку иахҟьаны Гал араион ауааԥсыра рзинқәа аркьаҿуеит, ҳәарада аҭагылазаашьагьы дара дискриминациак аҳасаб ала иахәаԥшуеит", - лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.

Лара лажәақәа рыла аҳәаа ахысраз апроблемақәа рызцәырҵуеит Қырҭтәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭоу мамзаргьы рҭалара зҽазыҟазҵо аҿар, згәамбзиара иахҟьаны амедусҳәарҭақәа рахь ицо ауааԥсыра.

Аомбудсмен иара убасгьы илҳәеит Гал араион ауааԥсыра, ақырҭуа социалтә цхыраагӡақәа зауа Қырҭтәылаҟа аҳәаа ахысра ахьрылымшо азы ашәарақәа шырмоуа.

"Шықәсынаҟьак рхы иақәиҭны, ԥкырада анеиааира ахьрылымшо азы араион ауааԥсыра аҭагылазаашьа уадаҩ иҭашәаны иҟоуп. Ари зегьы икылнагеит ауаа закәаншьаҭада аҳәаа ахысра рҽазышәара (4000 хҭыс рҟынӡа азгәаҭоуп). Убри аан административтә хараԥса 4800-6000 мааҭ инаӡоит. Уи адагьы изакәанымкәа аҳәаа ахысра иаруадаҩуеит аинфекциа COVID-19 алаҵәара ахылаԥшар", - лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.

Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аркын хәажәкыра 14 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба иусдҵала, Қырҭтәыла коронавирустә инфекциа COVID-19 зцәа иалаз рырацәара иахырҟьаны.

Ашықәс аҩныҵҟа аҳәаа хәынтә иаадыртхьеит, аамҭа-аамҭала Аԥсны ауааԥсыра арахь рыгьыжьразы. Иара убасгьы жьҭаара 15 инаркны ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа иаартын Қырҭтәыла атәылауаа, атәанчахәқәеи асоциалтә шәарақәеи зауа рзы агуманитартә коридор. Амедицинатә цхыраара аиура зҭаху рзы аҳәаа ахысра ԥкыра аҵам.

Ажәабжьқәа зегьы
0