Аԥсны акоронавирус даҽа 19-ҩык ирыдырбалеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедсестра делает прививку пациенту от коронавируса
Медсестра делает прививку пациенту от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12861-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12387-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 202-ҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 2– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 208-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, ибжьаратәуп -19-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу жәаҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит ԥшьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0