Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аҟәа еиԥылеит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаВстреча с сопредседвтелями Женевских дискуссий
Встреча с сопредседвтелями Женевских дискуссий - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу 52-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 24-25 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Изаамҭанытәиу 52-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд амҩаԥысра аламҭалаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиԥылара.

Аиԥылара аартуа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба ажәадгала ҟаиҵеит амшхәаԥштә азҵаара иалацәажәарц.

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Аомбудсмен ахада иахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы аԥкырақәа рзы

"Иазгәаҭатәуп ииасыз аамҭазы Гал араион аҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы ишыҟаз. Иарбанызаалак инцидентк азгәаҭамызт. Ҳәарада, закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы аҽазышәарақәа ыҟан, аха урҭ зегьы рҭыԥ иқәаҳҵон проблемада", - иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит акоронавирустә инфекциа аҿагылара адинамика алҵшәақәа шаанашьҭыз.

"Аԥсныҟа иаашьҭын Урыстәылатәи амобилтә госпиталь. Иара убасгьы урыстәылатәи аҳақьымцәа ацхыраара ҟарҵон Гәдоуҭатәи аковид-центр аҿы. Арҭ зегьы ҳҿаԥхьа игылаз ашәарҭарақәа аԥырхит", - иҳәеит Ҭыжәба.

Иара ҭабуп ахиҳәааит жәларбжьаратәи аилазаарақәа COVID-19 аҿагылараҿы иҟарҵоз ацхырааразы.

"Амчра ахамырхәараз адокумент аицеиқәшаҳаҭреи анапаҵаҩреи арегион аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи ишиашоу ирыдҳәалоуп. Ааигәатәи Ашьха Ҟарабахтәи ахҭысқәа иаҳдырбеит арегион аҿы ашәарҭара шыҟоу, иҟалашагьы уаҩы ишизымдыруа", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Иракли Ҭыжәба уи адагьы иазгәеиҭеит, Аԥсны агәҭынчымра шцәырнаго Қырҭтәыла абџьарла аҽеиқәыршәара.

МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2021
Аахыҵ Кавказ ахҭысқәа рзы ЕСПЧ аӡбамҭа ахҳәаа азнауит Аԥсны ААР

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак Тоиво Клаар иазгәеиҭеит апандемиа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара анырра шанаҭаз, уажәы уаанӡатәи амҩаԥгашьахь аиасра алшоит ҳәа дышгәыӷуа.

"Евроеидгыла агәахәара ду анаҭоит ООН апроектқәа жәпакы рԥаразоужьра ахьалыршахаз акоронавирус ахҽразы. Аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә иаҵанакуа азҵаарақәа зегьы еидкыланы рылацәажәара хымԥадатәиуп", - иҳәеит Клаар.

ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Анника Содер, раԥхьаӡа акәны Аҟәа лыҟазаара инадҳәаланы илҳәеит аиԥылара ара амҩаԥгара агәахәара ду шылнаҭо.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылшоны иҟоу, аибашьра ааха зауз ауааԥсыра рыбзазареи рыԥсҭазаареи реиӷьтәразы", - лҳәеит лара.

ООН ахаҭарнак ҷыда Азат Лачиниан иҳәеит Аԥсны COVID-19аҿагылараҿы аихьӡарақәа дышреигәырӷьо.

"Иаҳҳәар ҳҭахуп Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаареи шәареи шәусеицура хра шамоу COVID-19 аламырҵәаразы. Ари аусеицура ҳара пату ҳзақәуп. Абри аганахь ала Жәларбжьаратәи аилазаара еснагь ишәыцхраалоит", - иҳәеит иара.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа хацыркын 2008 шықәсазы, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа рышьҭахь. Аиҿцәажәарақәа рҟны абжьаҟазара мҩаԥыргоит Урыстәыла, ЕАА, ООН, ОБСЕ, ЕС рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0