Аԥсни Ирани ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа дырҿиалоит

© Foto / Посольство Абхазии в Сирии Прошла официальная встреча Чрезвычайного и Полномочного Посла Республики Абхазия в Сирийской Арабской Республике
Прошла официальная встреча Чрезвычайного и Полномочного Посла Республики Абхазия в Сирийской Арабской Республике  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иазԥхьагәаҭоуп ирантәи аалыҵ ацәыргақәҵа амҩаԥгара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Ирантәи Ахәаахәҭратә центр адиректор хада, Иран-Шьамтәылатәи Аицхәаахәҭратә палата амаӡаныҟәгаҩ Мирзаии Асгари еиԥылеит.

Аганқәа ргәаанагарақәа еимырдеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Исламтәи ареспублика Ирани рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аусхк аганахьала.

Хәытаба инаҵшьны иазгәеиҭеит Ирани Аԥсни рыбжьара аиашьаратә еимадарақәа рырӷәӷәара хра шамоу.

Асгар Мирзаи иҳәеит атәылақәа рыҩба рбизнес еилазаара рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара дшацхраауа. Иара убасгьы ажәалагала ҟаиҵеит ирантәи аалыҵ ацәыргақәҵа Аԥсны имҩаԥгазарц.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәса лаҵара 29 рзы. 2020 шықәса жьҭаара 7 рзы Дамаск иаатит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0