Аԥсны аҳәааҿы дааныркылеит уаанӡа изышьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ

© Sputnik / Томас ТхайцукТаможенный контроль
Таможенный контроль  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Анапаҵаҩра
Ахаҵа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтә Урыстәылаҟа аиасра игәҭакын. Аҳәаа данахысуаз даанкылан.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. 1964 шықәса рзы ииз Урыстәыла атәылауаҩ, Афедералтә шьҭазаара змаз, даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы итәылауаҩшәҟәы агәаҭараан. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Ахаҵа иԥшаара аԥшьгаҩцәа – Урыстәыла ААР Ареспублика Марии Ел дрыҭан.

Аҳәаахьчаратә усбарҭа иазгәанаҭоит Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟны аҳәаахьчаратә гәаҭарақәа раан амаҵзурауаҩ азин имоуп:

  • ахаҿқәа рдокументқәа ргәаҭара, атранспорттә хархәагақәеи имҩанырго аидареи ргәаҭара;
  • аҳәынҭқарратә ҳәаа, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ррежим еиларгеит ҳәа агәаанагара зганахь ала ицәырҵыз ахаҿқәа раанкылареи рыҭҵаареи, арҭ ахаҿқәа аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рыҟәшақәеи егьырҭ аҭыԥқәеи рахь рзинеилагара аҭҵааразы рнагара;
  • аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рҳәаахьчаратә гәаҭаратә ҟәшақәа рахь арҭ ахаҿқәа наганы аҳәынҭқарратә ҳәаа, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ррежим еиларгеит ҳәа агәаанагаразы рыҭҵаара. Иахәҭаны иҟалар иарбоу аилагарақәа рзы аҭҵаарақәа аҽа ҭыԥк аҿы аилыргара мҩаԥгахар ҟалоит;
  • аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азин ҟазҵо адокументқәа рҿы адыргақәа рыҟаҵара, иаҭахханы иҟалар аамҭала арҭ адокументқәа рымхра, иара убасгьы иԥаршеиу адокументқәа рымхра;
  • аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи зыҿҳәара иахыԥахьоу урыстәылатәи авизақәа рыҿҳәара ацҵара, афедералтә усбарҭа ахаҭарнакра аҟамзаараан;
  • Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара ишышьақәнаргылаз ала аҳәаанырцәуаа урыстәылатәи рвизақәа русура аанкылара;
  • аамҭала ахаҿқәеи атранспорттә хархәагақәеи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы рныҟәара аԥкра ма аанкылара;
  • аамҭала еиуеиԥшым аусурақәа, атәылахьчара иадҳәалоуи, аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыдҳәалоуи, аҿкчымазарақәа ирыдҳәалоуи аусурақәа рыда раанкылара;
  • Азакәан иазыԥхьагәанаҭо аҭагылазаашьақәа раан абџьар, атехника, ахархәага ҷыдақәа, амчра ахархәара;
  • аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ауаа рахыгаразы ахараԥса рықәҵара.

2020 шықәсазы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иаанкылан афедералтә, жәларбжьаратә, аҳәынҭқаррабжьаратә шьҭазаара змаз 90-хаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0