Аҟазауаа авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" иахьахаԥрааз аԥхасҭа рымбеит

© Foto / Facebook / РУП "Черноморэнерго"РУП Черноморэнерго, а также руководство компании совершили инспекционный облёт участка ВЛ-500 Кавкасиони
РУП Черноморэнерго, а также руководство компании совершили инспекционный облёт участка ВЛ-500 Кавкасиони - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2021
Анапаҵаҩра
Вертолиотла "Кавкасиони" Аԥсны иахьаҵанакуа ахаԥырра зырӡбаз аԥхасҭа ахьыҟалаз даҽакала анеира ахьыуадаҩу азоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Афымцамчусзуҩцәа вертолиотла авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" Аԥсны иахьалсуа аҭыԥ вертолиотла иахьахаԥрыз ԥхасҭа ҳәа акгьы рымбеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Черноморэнерго   - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2021
"Амшынеиқәафымцамч" аҳауаҟынтәи "Кавкасиони" ацәаҳәаҟны авариа ахьыҟалаз иашьҭалоит

Асабша ашьыжь "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауааи анапхареи вертолиотла ицеит авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" аԥсуа хәҭа иахьаҵанакуа авариа ахьыҟалаз аԥшааразы, избанзар Урыстәыла иахьаҵанакуа изҿыз аремонттә усурақәа алҵшәа ҳәа акгьы ҟарымҵеит.

Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуеит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 11 инаркны. "Кавкасиони" - Аԥсныҟа афымцалашара злаауа авольтҳарак цәаҳәақәа хԥа иреиуоуп. Абар ҩахоуп аҟазауаа авариа ахьыҟалаз аҭыԥ рзымԥшаауеижьҭеи.

"Амшынеиқәафымцамч" ауааԥсыра иргәаланаршәоит аҳауатә цәаҳәа "Кавкасиони" аусура иаладыргаанӡа Аԥсны алашара аамҭа-аамҭала ишдырцәало.

Ажәабжьқәа зегьы
0