Аԥсны АШәМ аҿы инкыланы иҟоу Ахра Аҩӡба иуацәа ахыбра аҿаԥхьа еизеит

© SputnikУ здания Службы государственной безопасности Абхазии собрались родственники, друзья Ахры Авидзба
У здания Службы государственной безопасности Абхазии собрались родственники, друзья Ахры Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2021
Анапаҵаҩра
"Пятнашка" захьӡу аотриад акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 ахәылбыҽха.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахра Аҩӡба ицааныркылази иареи ахьыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахыбра аҿаԥхьа еизеит иара иуацәеи иҩызцәеи.

Изъятое оружие и боеприпасы - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ахра Аҩӡба иҩнаҟны абџьари аџьаԥҳани рыԥшааит

Дара адукат Инга Габилаиа лааира иазыԥшуп. Лареи Ахра Аҩӡбеи иахьа уи аԥхьа еиқәшәахьан.

Габилаиа Sputnik акорреспонденти лареи реицәажәараан илҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп. Адукат макьана уи иадҳәалоу документкгьы лымбацт.

"Уажәы снеины игәасҭоит", - лҳәеит лара.

Ахра Аҩӡба Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа дааныркылеит, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзурахьы иҿахәҿыхразы днаргеит хәажәкыра 4 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0