Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит

© Foto / официальный сайт Президента Абхазии Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит аԥсуа уаажәларраҟны аамҭақәа зегьы раан аԥҳәыс аҭыԥ ҷыда аанылкылон, аԥшӡара, аҟәыӷара, аразра дахаҿырбаганы дыҟан ҳәа.

"Аԥҳәыс лыжәҩахыр иқәуп ахәышҭаара аиҿкаара, аиқәырхара, ахшара рааӡара, аҭаацәа еилымшәарада аидкылара. Аԥсабара шәара ишәнаҭеит аԥшӡареиԥш, ахаара, нҵәара зқәум ачҳара. Аԥсҭазаараҟны иарӷьажәҩаны иҳадгылоу, акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҳашәҭо адгыларазы", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Аслан Бжьаниа ҷыдала ари аныҳәа рыдиныҳәалеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа-гәымшәақәа зааӡаз анацәа. Схырхәоит шәара шәфырхаҵареи шәычҳареи рҿаԥхьа, иҳәеит иара.

Атәыла ахада аҳәса ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аразҟы бзиа, аҭынчра, аизҳазыӷьара.

Ажәабжьқәа зегьы
0