Аԥсны ауааԥсыра амобилтә госпиталь аҳақьымцәа март 8 рыдырныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы аусура иалагаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь ашәахьа хәажәкыра 1 азы Аԥсны аусура хнаркәшеит.

АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь аҳақьымцәа- аҳәса март 8 рыдырныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.

Аԥсны ауааԥсыра ковид-госпиталь аусзуҩцәа аныҳәа рыдырныҳәалеит асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы.

Амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳәса 20-ҩык иранаршьеит ашәҭқәеи аҳамҭақәеи, ирзеиӷьаршьеит агәабзиара, абзиабара, агәалаҟазаара бзиа, ачҳара имариам рус аҿы.

Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.

Иара убасгьы агоспиталь алабораториаҿ 18 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара мҩаԥган, урҭ рҟынтәи 5,3 нызқь ПЦР-тест, 2 000 рентгенограмма. Иахьазы амедусзуҩцәа аҽеизгара иаҿуп. Хара имгакәа арратә техника аилазаара иаланы есқьаангьтәи ргыларҭа ҭыԥ иазыхынҳәуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0