Аԥсны АШәМ: Аҩӡба дзыхьчоз иҩызцәеи аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса
Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа хәҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Хәажәкыра 4 рзы иааныркылаз Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз хәҩык ҩызцәеи Аԥсны АШәМ иамоу аоперативтә информациала Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.

Иазгәаҭоуп хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба аҳәаанырцәуаа рыла ишьақәгылоу, бџьарла еибыҭоу ахьчаҩцәа ицҟазар шыҟамло азы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзурахьы иацәажәаразы дышнарыԥхьаз.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура ишаҳәо ала Аҩӡба идыргалаз мап ацәикит. Абри ашьҭахь иара даанкыланы Аԥсны АШәМ аусҭҵааратә изолиатор ахь днаргеит. Иаанкылан ихьчаҩцәа, реиҳараҩык Украина иатәылауааз.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Аԥсны АШәМ аҟны ирҳәеит Ахра Аҩӡба иахь аҳақьымцәа шынарышьҭыз

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа хәҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Иааныркылеит иара убасгьы ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа. Дара мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа.

Владимир Шьербаков, административтә зинеилагара мҩаԥигеит ҳәа даанкылоуп хәажәкыра 9-нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0