Аҟәа абанк иақәлан идырҳәит

© Sputnik / Акоп Кущян Ограбление Амра банка
Ограбление Амра банка - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҭыԥ аҟны аус руеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, уажәы абанк аусзуҩцәа рҿахәы рҿырхуеит.

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Амра-Банк" аҟәатәи аофис-цҵа аҟны арҳәра ҟалеит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы.

Абанк аусзуҩцәа ишырҳәо ала, хҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. Аԥара дәылыргеит. Макьаназ еилкаам иргаз аԥара заҟа ыҟоу.

Аҭыԥ аҟны аус руеит Аԥсны ААР аусзуҩцәа, абанк аусзуҩцәа рҿахәы рҿырхуеит.

© Sputnik / Акоп Кущян Аҟәа абанк иақәлан идырҳәит
Аҟәа абанк иақәлан идырҳәит - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Аҟәа абанк иақәлан идырҳәит

Ааигәатәи ахыбраҿ аус зуаз ирҳәеит ахысыбжьқәа шраҳаз, аха урҭ петардоуп ҳәа ишыршьаз. Адәахьы иандәылҵ, аилаҩеиласрала мҩатә машәырк ҟалаз џьыршьеит. Абџьар зкыз, асабрада зҿаз ҳәа уаҩ дрымбеит уи аамҭазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0