АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала аҳәамҭа ҟарҵеит Ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду азакәан еиламгакәа, еиҿкаарыла имҩаԥысып ҳәа. Убри аан ирҳәеит иаҭахны иҟалар, атәылаҿы азинеиҿкаара шалдыршо.
"Атәыла Аконституциа ақәныҟәашьа ахылаԥшра азҭо, азакәан анагӡара зус азырхоу усбарҭак аҳасабала, ареспублика апрокуратура ахьӡала ауаажәларра рахь, аоппозициа ахаҭарнакцәа рахь, аизара алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит аилаҩеиласра аҭыԥ амоурц азы азиншьаҭа змам ахымҩаԥгашьақәа алыдмыршарц", - ҳәа иҳәеит атәыла Апрокурор хада Адгәыр Агрба.
Аҳәынҭқарра аҭышәынтәалара ҭакԥхықәрас измоу ажәлар роуп, азакәанԥҵароуп ҳәа иҳәеит апрокурор хада.
"Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра агәыӷра ду аанарԥшуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа реиҿкаара аизара ду ацивилизациатә ҟазшьа аманы, азинтә ҳәаақәа ирҭымскәа имҩаԥгахап ҳәа. Ҳара ҳганахьала азинеиҿкаареи ашәарҭадареи рынагӡара ҳазыхиоуп. Агәыӷра ду ҳамоуп ҳтәылауаа аҟәыӷара аадырԥшып ҳәа", - иҳәеит Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар.
Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Роберт Киут Ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду азакәан иахымсыкәа еиҿкаарыла имҩаԥысып ҳәа агәрагара имоуп. Иара иазгәеиҭеит инапы иану аусбарҭа атәыла аконституциатә шьақәгылара аиқәырхара ишазыхиоу.
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет хәыда-ԥсада иҭалар ҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит аконгресс асаит.
Ари аҩыза алшара ҟалеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети абҵарамза, 2020 шықәсазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
Иазгәаҭоуп, аҵараиурҭа иҭаларц зҭаху рзы ашәҟәқәа рыдкылара шхацыркыз хәажәкыра 1 инаркны. Абиуџьет ҭыԥқәа рахь иҭало рышәҟәқәа аларҵароуп ԥхынгәы 20-нӡа, латәарадатәи аҟәшахьы – нанҳәа 11-нӡа, амагистратурахь – нанҳәа 6-нӡа.
Арзаҳал азы абитуриентцәа абарҭ ашәҟәқәа еиқәыршәаны ирымазароуп: атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа, аттестат (ахкьыԥхьаа ма аоригинал), 3×4 см иҟоу афотосахьақәа фба, аԥсуа-абаза жәлар дшырхаҭарнаку зыршаҳаҭуа аилыркаа, ма урыстәылатәи атәылауаҩра. Ашәҟәқәа рынашьҭра ауеит ауниверситет асаит ахь.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет адкыларатә комиссиа аиҳабы Елена Богатова лажәақәа рыла, аԥышәарақәа мҩаԥгахоит ҩ-форматк рыла: адистанциатә ма хаҭала.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университети Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит абҵарамзазы.
СПААУ иҭаларц зҭаху Аԥснытәи, Ҭырқәтәылатәи абитуреинтцәа инарҭбаау аинформациазы иадҵаалар рылшоит Санкт-Петербург иҟоу АААК аофис, абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ ала: info.spb@abaza.org, ма абри аҭел +7 812 514 88 55 ала.
Аҭоурыхтә баҟақәа Иаку аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа Аԥсны ирыдыркылеит 2015 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Уи аамҭазы уи ианылеит 1535 обиект. Ашьҭахь еиҿкааз аинветаризациа апрограммала даҽа 700 обиект алԥшаан. Хадаратәла урҭ архитектуратә баҟақәа ракәын. Дара аҳәынҭқарра иахьчоит азакәан инақәыршәаны, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аспециалист Инал Џьопуа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: