Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Обстановка у администрации президента
Обстановка у администрации президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, хәажәкыра 11 рзы Аҟәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду мҩаԥысуеит атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы.

АҞӘА, хәажәкыра 11- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ҩышәҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит хәажәкыра 11 рзы.

Ахада Иусбарҭа рыхьчоит шәҩык рҟынӡа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Аҩналарҭақәа аихатә хыцқәа рыла иаркуп.

Макьаназы официалтә дыррак ыҟам. Еизаз ирҳәо иахьатәи анапхгара ишадгыло ауп.

Иара убри аамҭазы, хәажәкыра 11 рзы Аҟәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду мҩаԥысуеит атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0