АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Бедиа ду ақыҭаҿы ииасуа аӡиас Охоџьа арӷьарахьтәи аԥан иавакны ацҳаи 400 метра иҟоу уакәшаны узланеиуа амҩеи ҟарҵараны иҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит "Аԥсныҟәарахьчара" адиректор хада Гәырам Ҳаразиа.
Аҟазауаа аусурақәа мызки бжаки ирылагӡаны ихдыркәшоит ҳәа ргәы иҭоуп.
Ақыҭақәа хԥа - Бедиа дуи, Агәы-Бедиеи, Бедиеи Тҟәарчал ақалақьи еимаздоз амҩеи аҩнқәа ҩбеи ԥхасҭахеит ажьырныҳәа 22 рзы иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы иҟаҵаны арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы инаган ацҳа ҿыц аргыларазы иаҭаху абетонтә блокқәа. Иҷыдоу атехникала адгьыл ԥҟаны абалласт ҭарыԥсеит.
Мышқәак ирылагӡаны ашьаҟақәа рыргыларазы абетон аҭарҭәара иалагоит. Уажәазы амш ахьыцәгьахаз аусурақәа рымҩаԥагара иаԥырхагахеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аамҭала Бедиа ду иахыкәшо амҩа ҟарҵоит
Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Иахьазы Аԥсны аҵакыраҿы иалагалоу алашара арцәара аграфик ԥсахуп абзазаратә обиектқәа еиҳа иҭышәынтәаланы русуразы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥкыратә схема шыҟаз иаанхоит: сааҭк ҽынла, ҩ-сааҭк – уахынла идырцәалоит.
Мшаԥы 8рзы урыстәылатәи аган Аԥсныҟа иаауа алашарамчра алимит ҳәаақәнаҵеит 7 миллион киловатт-сааҭ ҳәа. Убри аан ареспублика иаҭахны иҟоуп 9,6 миллион киловатт-сааҭ ҳәа азгәарҭоит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
АҞӘА, мшаԥы 14- Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Абри аӡбра аԥнахит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит лаҵара 9 рҟынӡа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Георги Воуба харас идырҵоит атәым мазара рацәаны иӷьычит, имаҵуратә уалԥшьақәа инархыҳәҳәаны ихы иаирхәеит, аԥхасҭа бааԥс ҟаиҵеит ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны 1 522 531 мааҭ ахәышәтәырҭа амазара аӷьычра далахәуп.
Аус далахәны дшьоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа уаанӡатәи аусзуҩ Аслан Цкәуа. Иаргьы аҩнытә баандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: