Аҳәынҭавтоинспекциа ахараԥса рықәнаҵеит амҩаду аҟны ашәарҭара аԥызҵаз амашьынаныҟәцаҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукОтличительный знак сотрудников МВД Абхазии
Отличительный знак сотрудников МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Анапаҵаҩра
Амҩаду аҟны ашәарҭадара аԥызҵо азакәанеилагаҩцәа рзы иазԥхьагәаҭоуп хымз инаркны фымз рҟынӡа аныҟәараз азин рымхра.

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә автоинспекциа ахараԥса рықәнаҵеит Аҩада Ешыра иахьаҵанакуа амҩаду аҟны ашәарҭара аԥызҵаз амашьынаныҟәцаҩцәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР аофициалтә саит.

Амҩатә ԥҟарақәа реилагара аҭыԥ рыман жәабран 24 рзы.

"Ареспубликатә мҩаду еиҳа ишәарҭоу ахәҭаҟны, иццакны амашьына арныҟәареи, "адрифтинг" абзиабаҩцәеи рхы ашәарҭара иҭадыргылеит, иара убас егьырҭ амҩа ианыз аныҟәҵаҩцәеи, дара авариатә ҭагылазаашьақәа аԥырҵеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа иааныркалеит ԥшь-машьынаки, ҩыџьа арныҟәцаҩцәеи Давид Ҳашыги Аинар Аибеи (1999 ,1998 шықәсқәа рзы ииз) ахараԥса рықәырҵеит.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Аҟәа араион аҟәша амашьынақәа рыргыларҭахь иаагоуп иаанкылоу амашьынақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0