АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Амҩақәа аси ахаҳәқәеи рҟынтәи ррыцқьага техника аанахәеит Риҵатәи амилаҭтә парк ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
"Атехника иацы иҳазхаргалеит. Макьаназы иара аушьҭырҭатә пункт аҿы игылоуп. Аӡынраз атрактор асықәгага ма абульдозер аиԥш ухы иаурхәар ҟалоит, аԥхынразы – еидарақәҵагак ма бульдозерк аҳасаб ала. Иара убасгьы ухы иаурхәар алшоит амҩақәа рремонт аҟаҵараан", - иҳәеит иара.
Багаҭелиа иара убасгьы иҳәеит атехника ахаҭеи иацу аиқәыршәагақәеи жәа-миллионк инарыцны ишаԥсоу. Иара апарк ахарџь ала иаахәоуп. Атрактор аусушьа агәаҭара иахыжьын азауад "Спецстроймарш" (Ленинградтәи аобласт) аҿы, Амилаҭтә парк ахаҭарнакцәа алархәны. Атехника Аԥсныҟа аагара иахшәаан 590 нызқь мааҭ.
Багаҭелиа ишиҳәо ала ари аҩыза атрактор амазаара рус акыр иармариоит.
"Сынтәа изныкымкәа амҩа аркра ҳақәшәеит, атехника ахатәхаҿқәа ирымаҳхуан. Ари ԥарала имариам. Уажәшьҭарнахыс атрактор ҳара иаҳхатәны иҳамазаауеит, Риҵанӡа амҩагьы еснагь аартра алшо иҟалоит",- иҳәеит иара.
Уажәы Риҵанӡа амҩа цқьоуп, иарбанзаалак атранспорт халоит ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаҧҵоуп. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит.
Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа.
Апарк ахышәаҵышәа 390 километр ԥшьыркца иҟоуп.
Аҭоурыхтә баҟақәа Иаку аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа Аԥсны ирыдыркылеит 2015 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Уи аамҭазы уи ианылеит 1535 обиект. Ашьҭахь еиҿкааз аинветаризациа апрограммала даҽа 700 обиект алԥшаан. Хадаратәла урҭ архитектуратә баҟақәа ракәын. Дара аҳәынҭқарра иахьчоит азакәан инақәыршәаны, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аспециалист Инал Џьопуа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Бадри Есиава. Аԥсуа боксиор Саир Качараа 15-16 шықәса зхыҵуа рыбжьара абокс ала Урыстәыла Аԥхьахә азы аиндаҭлараҟны аиааира игеит, иигаз аиааира иалнаршоит Европа Аԥхьахә аҿы иқәгылара, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩцәа руаӡәк Арнольд Гәыбаз.
"Атурнир аан Саир ԥшьы-еиԥыларак мҩаԥигеит, урҭ зегьы рҿы аиааира игеит. Афинал аҟны еиԥылеит Белгородтәи аспортсмени иареи (Родион Мытник-аред.). Саир иеиндаҭлоз даара иӷәӷәан. Иаԥхьаҟа иизыԥшуп Европа Аԥхьахә аҿы ақәгылара. Саир ҩынтәуп Урыстәыла Аԥхьахә азы аиндаҭлараҟны аиааира игоижьҭеи, аха усҟан урыстәылатәи акоманда Европа Аԥхьахә агаразы имцаӡеит", - иҳәеит Гәыбаз.
Гәыбаз иазгәеиҭеит, ари атурнир ахь иколлегацәеи иареи Нальчикнтәи ишааз, уаҟа абокс азы Урыстәылазегьтәи атурнир мҩаԥыргон, уи иалахәын ԥшьҩык гәдоуҭатәи аспортсменцәа- ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Дамеи Чамагәуа, аҩбатәи-Соломон Папба, Аинар Малиеи Даут Хагәышьи актәи аҭыԥ.
Саир Качараа 15 шықәса ихыҵуеит. Анапа имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҟны 60 кьыла рҟынӡа зыкапан наӡо дрыцықәгылон. Аспортсмен дазыҟарҵоит Арнольд Гәыбази Алиас Агрбеи.