АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи амилициеи дааныркылеит "Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ззыҟоу Алхас Кәыҵниа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
1983 шықәса рзы ииз Кәыҵниа даанкылан хәажәкыра 13 рзы аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа раан. Иара ауаҩԥсы аамҭалатәи иԥхьакырҭахь днаган. Аусҭҵаара-оперативтә усурақәа мҩаԥысуеит егьырҭ ацәгьоуцәа раанкыларазы.
"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵаҟны арҳәра ҟалеит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы. Ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.
Абанк ахьчаҩи ақәылацәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит, убри аан ацәгьоуцәа автомашьына "Ford Galaxy" ала ибналеит. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына амца аркын Арратә мҩаҿы.
Абри ахҭыс аганахьала Аҟәа ақалақь ААР хәажәкыра 10 рзы аусҭҵаара хацнаркит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 159 ахәҭа 4 апункт "б" (акыр идуу амазара ахатәтәра хықәкыс иҟаҵаны ақәылара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 (абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара ма аныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны иҟарҵаз) инарықәыршәаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Амра-банк" зырҳәыз иртәуп ҳәа агәҩара ззыҟоу амашьына блит Аҟәа
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аԥсны арепатриациазы уаанӡатәи аминистр Беслан Дбар иԥшаара рылаҳәоуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа иара убасгьы ирыланаҳәоит ИАЕ ИАЕ "РемСтрой2012" адиректор Амиран Лакербаиагьы иԥшаара рылаҳәоуп ҳәа.
Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, Дбар амаҵзуратә ԥаршеитә усмҩаԥгатәқәа ҟаиҵеит, гәыԥҩык ауаа - ЗҲәА "РемСтрой 2012" адиректор Амиран Лакербаиеи Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Денис Ақаҩбеи иареи - заанаҵ еицәажәаны мҽхакы ҭбаала абиуџьеттә ԥарақәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны мцҳәарала, ишԥаршеиз заанаҵ идырны ишьақәиргылеит амаҵзуратә документқәа.
Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит хәажәкыра 23 рзы. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Арепатриациаз уаанӡатәи аусзуҩ Денис Ақаҩба иганахьала аҩнтәы рбаандаҩра иқәнаҵеит лаҵара 23 рҟынӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Арепатриациаз уаанӡатәи аминистр иганахь ала аус алахәыла аҩнтәы рбаандаҩра иқәҵоуп
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ агранатаршәыҩцәа еиҭаҵуази еиҭамҵуази ацәҟьарақәа ирықәкны ихысуан агәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аррамаҵзурауаа "аӷа" иеибашьыга машьынақәа рсахьа змаз ацәҟьарақәа иреихсуан 350 метра набжьаны. Ацәҟьарақәа секундк 10 метрак рҟынӡа ирццакын.
Абри аан ахархәара рыҭан: анапылатә гранатаршәгақәа РПГ-7, акәылӡы кылызжәо агранатақәа ПГ-7ВЛ, агранатаршәга АГС-17.
Амшын аԥшаҳәаҿы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан аԥша аӷьеы иасуан, секундк ала 20 метра инаӡон. Аруаа рхысраан ари азгәаҭара рыман.
Урыстәыла ар ргәаҭара мҩаԥысуеит Аладатәи арратә округ ар ркомандаҟаҵаҩ Александр Дворников инапхгарала. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит 2021 шықәсазтәи аплан инақәыршәаны. Аҽазыҟаҵарақәа ирылархәуп Амшынеиқәатә флоти Каспитәи афлоти. Аҽазыҟаҵарақәа рыхәшьара мҩаԥыргоит арратә усбарҭа анапхгаҩцәа рыла ишьақәгылоу акомиссиа. Игәарҭоит ар реиҿкаашьа, анормативқәа рынагӡашьа, роперативтә зыҟаҵара аҩаӡара.