Хәажәкыра 17 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

CC0 / / Кран
Кран  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2021
Анапаҵаҩра
Аӡаанкылара ахҟьоит аӡыҭгагатә станциа хада №2 аҟны аӡымҩангага ахьыԥжәаз иахҟьаны.

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Аҟәа ақалақь араионқәа ӡыда иаанхоит хәажәкыра 16 асааҭ 00:00 - 20:00 рзы ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡы ҟалаӡом Ажәытә ҳабла, ВИЕМ, ақалақь агәы, ашьхара иахьаԥну, Алашарбага араион.

АУН "Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауадаҩрақәа рзы.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьаз ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0